"Софичка" РУСДРАМ асценаҿ ицәыргахоит рашәарамзазы

© Sputnik Бегунов Владимир"Софичка" РУСДРАМ асценаҿ ицәыргахоит рашәарамзазы
Софичка РУСДРАМ асценаҿ ицәыргахоит рашәарамзазы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ирҿиамҭақәа шеилыркаауа ҳдырбоит Шьчукин ихьӡ зху атеатр аинститут аԥсуа курс актиорцәа.

АҞӘА, мшаԥымза 26 — Sputnik, Владимир Бегунов. "Софичка" апремиера мҩаԥысраны иҟоуп рашәарамза 20 рзы РУСДРАМ асценаҿы иҳәеит атеатр адиректор хада Иракли Хынҭәба.

Аспектакль (ақәыргылаҩ Елена Одинцова) ақәыргылара иалахәуп Шьчукин ихьӡ зху атеатр аинститут аԥсуа курс актиорцәа.

"Сара аспектакль ацыԥҵәахақәа збахьеит. Даара иугәаԥхартә иҟоуп", — иҳәоит Хынҭәба.

Аспектакль ахь абилеҭқәа рыҭира лассы иалагоит.

Аповест "Софичка" Искандер иҩит 1997 шықәса рзы. Иара ақыҭа ҭыԥҳа лҭоурых иалацәажәоит.

2015 шықәса рзы абри арҿиамҭа иалхны Александр Сокуров иҟазарҭа аушьҭымҭа Кира Коваленко иҭылхит афильм.

Шьчукин ихьӡ зху атеатр аинститут аԥсуа курс аадыртит 2014 шықәса рзы. Иҭалеит жәаҩаҩык аҿар, аха аҩбатәи акурс ахь ииасит ааҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0