Лӡаа "ауыӷә" рхызхыз

© Sputnik / Эдуард Песов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКурорт Пицунда в Абхазии
Курорт Пицунда в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа уажәраанӡа ажәлар рҟны еиқәхеит, рмилаҭ андыргәаҟуазтәи ахҭысқәа, афактқәа. Рыуакы даҳзалацәажәеит Лӡаа ақыҭанхаҩы Феликс Џьакониа, изызкугьы, иаб иашьа Виссарион иоуп.

Иҟан аамҭақәа, аԥсуа жәлар рыбӷа аиҵыхра ианақәиҭымыз. Амучацәа рхагыланы, ҟамчыла иаарысуа аҳәынҭқар имаҵ аныруаз. Арҭ аҭоурыхтә хҭысқәа ирхылҿиаахьан имаҷымкәа арыцҳарақәа.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Ахҭыс ахы ыҵнахит аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ашықәсқәа раан. Кыта Џьакониа ԥшьҩык иԥацәа азеиԥш џьынџьдгьыл ахьчаразы игылеит. Камшьышьи Пиотори еибашьуан Керч, иара убраҟагьы рыԥсҭазаара ҿахҵәеит. Керч аӡбжьысырҭаҿы дыҟан Омаргьы, иоуз ахәра ӷәӷәа иахырҟьаны изырԥҳак имамкәа дгьежьит. Виссарион аҩбатәи украинатәи афронт аҟны, ҷыдала аинрал имҩаԥгара дҵас иман.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ашьҭахь, Омар дыбжамҽамны Лӡааҟа дхынҳәит, шықәсык ашьҭахь иҩныҟа дааит Виссарионгьы.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаВиссарион Џьакониа
Виссарион Џьакониа - Sputnik Аҧсны
Виссарион Џьакониа

1946 шықәсазы, Лӡаа ақыҭа аиҳабыс дахагылан Лавренти Бериа изааигәаӡаз иҭынха, аамҭала Қарҭ ажәлар зыргәаҟхьаз, амуча ҳәа ззырҳәоз Ермиле Бакәраӡе. Ауааԥсыра раҳаҭыр аларҟәра, рхыччара, ааха раргара иашьцылахьаз, Лӡаа данааигьы уи акәын дызҿыз. Иҟамчы аҭыԥ ылнаххьан шәҩыла ақыҭанхацәа рҟәаҟәақәа рҟны, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан аҳәсеибацәагьы.

"Аԥсны ахыи аҵыхәи Ермиле Бакәраӡе илеишәа ҷыда атәы ззымдыруаз дыҟамызт. Ҽыуаҩк сасра Лӡааҟа дымҩахыҵыргьы, аҽны хәлаанӡа иҽы ааҵакны амхы дҭеиҵон, дирцәаӷәон, ма диррашәон. Анааилахәлалак, уажәшьҭа ухы уақәиҭуп ҳәаны дноуижьуан", — иаҳахьаз ахҭыс игәалаиршәоит Феликс Џьакониа.

Амуча иҟамчы рыҵхны, аколнхараҟны аус дируан аҳәсеибацәа, иара убас згәабзиара уашәшәыразгьы хьаас имкыкәа. Ермиле, Омар Џьакониа изырԥҳак шимамыз шидыруазгьы, ажьираҟны аиха аус адиуларазы дишьҭит.

"Саб есыҽны ахьаа шимазгьы, ашьыжь шаанӡа дгыланы ажьирахь дцон. Шәара ибзианы ижәдыруеит аихамаругақәа шыхьанҭу, аха уеизгьы аҵыхәтәантәи имчқәа еибыҭаны аус иуыр акәын", — иҳәоит Феликс.

Омар Џьакониа, иибоз аџьабаа изышьҭымхо далагеит, имчқәа каҳаит, игәабзиара уашәшәырхеит. Хара имгакәагьы иԥсҭазаара далҵит.

Ақыҭаҟны унеишь уааишь ҳәа ззырҳәоз Виссарион Џьакониа, иашьа иԥсра хымԥада Ермиле иакәын изхараитәуаз. Иара амуча зынӡаск иҳәатәы дацнаҟәуамызт, диқәымчны адҵақәа анииҭозгьы, Виссарион уаҟа дааҿахиҵәон, иҭыԥ иирбон.

Александр Гагәылиа - Sputnik Аҧсны
Лыхни Берлини згәы иҭамкәа еимаздаз Александр Гагәылиа, ма патреҭк аҭоурых

Ермиле Бакәраӡе дашьцыламызт абас еиԥш аҭакқәа аиура. Убри аҟынтә игәы иҭеикит аамҭа азалхны, зегьы ишраҳауа, Виссарион иаҳаҭыр лаирҟәырц, диршәарц. Уи амш акәхеит, Асовет Еидгыла аныҳәа хадақәа иреиуаз "маи акы".

"Маи акы ахәылбыҽха, ҳгәыла Дмитри Гәочуа иашҭаҟны аизара мҩаԥысуан. Араҟа, Ермиле Бакәраӡе асцена даақәгылан, ибжьы неиҵыхны иҳәеит, аҵыхәтәантәи аамҭазы, ажәа иаҭазкуа, иҳәатәы иахамҵгыло шыҟалаз. Убарҭ ауаа, рыҽдмырҽеир, ахара шрыдиҵо, рашьцәа ирыхьыз шырзиуо. Виссарион иаразнак еиликааит иара иӡбахә шимаз", — еиҭеиҳәоит Феликс Џьакониа.

Зашьа иԥсы иаӷрагылаз, хаҭала иқәмақарыз ауаҩы хәымга, абрацәҟьа иҭархара иҽазишәеит Виссарион. Агәылара днеины, маӡала ашәақь аашьҭхны, Ермиле дахьгылаз иҿынеихеит.

Виссарион иҭирҟьаз ахы Ермиле ишьапы дықәнарҟьеит. Амуча дызшьабозгьы, зныҭрыс иныҟәигоз атапанча аацәырганы, иҭаз апатронқәа нирҵәаанӡа ахысра даҿын, аха аӡәгьы иқәымшәеит.

Иаразнакгьы гәыԥҩык ахацәа, ахәы амашьына днақәҵаны Гагратәи ахәшәтәырҭахь еихеит. Дара дрыцны дцеит Виссарионгьы, уеизгьы ихысыз иара шиакәыз аӡәгьы издыруамызт аҟынтә. Амала, иџьаба аҳәызба ҭаҵәахын, Ермиле дымԥсыкәа иҟалозар, дилгарц.

Ажәлар рҳақ ззымгаз, ахәшәтәырҭарахь днаргаанӡа иԥсы ихыҵит. Лавренти Бериа, иҭынха гәакьа дҭазырхаз иԥшаара хаҭала хылаԥшра аиҭон. Усҟантәи аамҭазгьы ацәгьаҳәаҩцәа маҷҩымызт. Иҟалеит Виссарион дызҭиизгьы.

Асовет Еидгыла аӷа ҳәа дыԥхьаӡаны, Лӡаа ауӷә рхызхаз ахаҵа ашьра иқәырҵеит, рус нарыгӡаанӡа Қарҭ дҭакны дрыман.

Лӡаа-ныха ахылаԥшҩы Владимир Гәочуа - Sputnik Аҧсны
Владимир Гәачуа: аныхақәа шеиҿцаауаз збеит

Уи аамҭазы, Аԥсныҟа асалам шәҟәқәа зыҩуаз, Виссарион аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан имҩаԥигоз аинрал (ижәла ргәалашәаӡом) аҭак имоуа далагеит. Цәалашәарак иамҽханакыз аинрал НКВД ахь ашәҟәы ааишьҭит, Виссарион Џьакониа иӡбахә еилиркаарц.

Ашьра зқәырҵаз аибашьра аветеран, адгылара иоуит иеиҳабы иҟынтә. Аурыс аинрал, хаҭала Сталин иҟны днеины диҳәеит, ашьра аԥыхны аҭакра иқәырҵарц. Ус иагьыҟалеит, 25 шықәса иҭаны Виссарион Карагандатәи абахҭаҟны дҭаркит.

Анаҩс, Никита Хрушьиов шықәсқәак ацрихеит, 17,5 шықәса ихыганы Виссарион аҩныҟа дгьежьит. Аха, уеизгьы даҽа хәышықәса Гагра араион анхара азин ирымҭеит. Дрышьҭит Ҭҟәарчалаҟа, ари аамҭа иалагӡаны ашахтаҟны аус иуит.

Лӡаатәи ахҭыс, Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо измаҳац аӡәгьы дыҟамызт. Виссарион афырхаҵа ҳәа дырԥхьаӡон, Лавренти Бериа иҭынха ишьра ахьигәаӷьыз азы. Абахҭа ихыганы дааит ҳәа заҳауаз, ааԥхьара ирҭон.

1968 шықәсазы, Виссарион иԥшәма ԥҳәыс диманы Лӡааҟа дхынҳәит. Ақырҭуа еиҳабыра рцәымыӷра наӡаӡа иамҽханакыз, иқыҭа гәакьаҟны адгьыл ирымҭо иалагеит, аха иԥшәма дырҵаҩын аҟынтә, лара ҽыҭк лзалырԥшааит.

Аиурист ҵара ныжьны, азеиԥш џьынџьдгьыл ахьчаразы игылаз, Лӡаа ақыҭауаа амуча иҟынтә рхы иақәиҭызтәыз, Лавренти Бериа игәаӷ иацәымшәаз Виссарион Џьакониа, иахьа уажәраанӡагьы иӡбахә рҳәоит ахаҵареи агәымшәареи аазырԥшыз иакәны.

Ажәабжьқәа зегьы
0