Иуникалтәу Шьынқәба ифотосахьақәа цәыргақәҵоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукИуникалтәу Шьынқәба ифотосахьақәа цәыргақәҵоуп
Иуникалтәу Шьынқәба ифотосахьақәа цәыргақәҵоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иазгәарҭоит Баграт Шьынқәба диижьҭеи 100-шықәса аҵра иазку аныҳәамш.

АҞӘА, лаҵарамза 12 — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Уаанӡа ицәыргамыз, аҭаацәаратә архив аҟынтәи 100 инареиҳаны фотосахьа цәыргақәҵан иахьа Ацентртә цәыргақәҵатә зал аҟны. Абри атәы ҳзаалыцҳаит Аԥсны Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

"Ацәыргақәҵа фымз инарзынаԥшуа ҳҽазыҟаҳҵон. Аҭаацәаратә архив аҟынтәи ацәыргақәҵа аҭааҩцәа ирыдаагалоит иуникалтәу афотосахьақәа. Урҭ актәи азал аҟны иҟоуп, аҩбатәи азал аҟны иҟоуп асахьаҭыхыҩцәа Оҭар Мацхарашвили, Баҭал Џьапуа, Ҭемыр Ҟаитан Баграт Шьынқәба ирҿиамҭақәа рмотивқәа рыла иаздырхиаз аусумҭақәа", — лҳәеит лара.

Апоет имоҭа Леуан Миқаа ҭабуп ҳәа реиҳәеит ацәыргақәҵа еиҿызкааз аминистрреи асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуеи.

Баграта Шьынқәба ибарельеф дахьынхоз аҩнаҿы икыдырҵеит - Sputnik Аҧсны
Баграта Шьынқәба ибарелиеф дахьынхоз аҩнаҿы икыдырҵеит

Архивтә фотосахьақәа хацыркуп баграт Шьынқәба ишколтә шықәсқәа инадыркны. Урҭ руак аҿы иубоит Џьгьардатәи ашкол данҭаз иҭыхыз афотосахьа, аҽаџьара дыстудентны дубоит. Иҟоуп иаҳәшьцәеи иареи рфотосахьақәа, иҭаацәа рыгәҭа дтәаны, ихшара Бианеи Бинури идкыланы дахьыҟоу. Баграти иҩызцәа ашәҟәыҩҩцәа: Александр Твардовски, Константин Симонов, Расул Гамзатов, Михаил Шолохов уҳәа реиԥыларақәа зныԥшуа афотосахьақәа маҷым.

Аҭааҩцәа ҿарацәа азааҭгылан иахәаԥшуан Баграт Шьынқәбеи Аҩадатәи Виетнам апрезидент Хо Ши Мини рфотосахьа, Баграт Шьынқәбеи Куба анапхгаҩы Фидель Кастрои ЦК КПСС актәи амаӡаныҟәгаҩ Никита Хрушьчиови рфотосахьа.

Ацәыргақәҵаҟны иӡырган Баграт Шьынқәба ирҿиамҭақәа х-томкны ҿыц иҭыжьу. Ашәҟәы еиднакылоит ажәеинраалақәа, апоемақәа, абалладақәа, ажәабжьқәа, ароманқәа.

Ацәыргақәҵа иаҭааит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Аԥыза-министр Беслан Барцыци. Ацәыргақәҵа аус ауеит аҽа жәамш.

Ажәабжьқәа зегьы
0