Аԥснытәи амузеи: 250 000 експонат 100 шықәса рыҩныҵҟала

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи лаҵарамза 17 рзы 100 шықәса ахыҵит
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи лаҵарамза 17 рзы 100 шықәса ахыҵит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
250 000 експонат рҟынӡа еиқәханы иҟоуп лаҵарамза 17 рзы зшәышықәсахыҵра азгәазҭо Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны.

Sputnik, Анжелика Бениа

1870 шықәса рзы раԥхьаӡа акәны, Аԥсны Аҟәа ақалақь аҟны иаартхеит Аҟәатәи арратә ҟәша аиҳабы Александр Введенски иаԥиҵаз амузеи. Аурыс-аҭырқәа еибашьра (1877–1878шш.) алагамҭазы аҭоурых, аетнографиа, археологиа ирызкны еизгаз, хәы-змаӡамыз аматериал зегьы наунагӡа иӡит. 1913 шықәса рзы аентузиастцәа ргәыԥ Аҟәатәи аиҿкаара еиднакылеит 610 маҭәар, рацәак идумыз ауадақәа ҩба рҟны иҩнарҵаз. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи официалла аартра мҩаԥысит 1917 шықәса лаҵарамза 17 рзы.

Амилаҭтә музеи Аԥсны Агерб, Абираҟ, Агимн ирышьашәаланы игәадураны иԥхьаӡоуп. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аекспонатқәа ирныԥшуеит ареспублика аҭоурых, иара аетникатә ҷыдара иҳәоит амузеи адиректор Аркади Џьопуа.

"Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи 100-шықәса ахыҵра инамаданы ҳара иазыԥхьагәаҳҭоит еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа: аҳәаанырцәтәи аҵарауаа здаҳаԥхьало аҭҵаарадырратә конференциақәа, альбомқәа, ашәҟәқәа рҭыжьра, аинформациа зҵоу акциа "Аҵх амузеи аҟны", ҳәа ҳзеиҭеиҳәоит адиректор.

Амузеи аусзуҩцәа иахьа дрыдныҳәалеит атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба.

Адныҳәалараҟны иаҳәоит:

"Шәареи шәколлективи ирыдысныҳәалоит амузеи аартра амш шәышықәса ахыҵра. Амузеи – ари жәларык ркультуреи рҭоурыхи оазисны ирзыҟоу, аҩныҵҟатә беиара змоу дунеи ҷыдоуп. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи, зыда ԥхьаҟа ҿиашьа ыҟам, ҳажәлар рматериалтәи рдоуҳатәи беиара еидызкыло ҭыԥуп", ҳәа.

100 шықәса рыҩныҵҟа амузеи аҟны еизгоуп 250 000 рҟынӡа експонат. Урҭ рыбжьара иҟоуп адунеизегьтәи аҵакы змоу ҳәа азгәеиҭоит Џьопуа. Арахь иаҵанакуеит СССР иахьаҵанакуаз зегь раасҭа ижәытәны иԥхьаӡоу Иашҭхәатәи ауаҩы игыларҭа аҟынтәи амаҭәар, Аҿхышәҭ хьшәашәа амезолиттә инвентарь, Кистриктәи агыларҭаҟынтәи анеолиттә материалқәа.

"Аҵак дуӡӡа рыманы ишьоуп амеголит культура иаҵанакуа, ҳера ҟалаанӡа ахԥатәи ашәышықәса иаҵанакуа адольменқәа, ҳера ҟалаанӡа аҩбатәи ашәышықәса иаҵанаку ирыҩбоу акромлехқәа, абжьаратә бронза аамҭа иаҵанакуа аикәаӷақәа", — иҳәоит иара.

Аҭҵаарадырразы аҵакы дууп 8-12 нызқь шықәса раԥхьа адгьыл ианыз Ԥсҳәы ақыҭантәи аҳаԥытә мшәы абаҩ-ашаҩ. Абри аҩыза амшә адунеи егьырҭ аҭыԥқәа рҟны ианыӡааижьҭеи 20 000 шықәса ҵуеит. Амузеи аҿы иҟоуп "Каменная летопись флоры Абхазии" захьӡу аекспозициа. Иара аԥҵан еицырдыруа аҵарауаҩ, аботаник, апалеонтолог Альфреда Колаковски инапхгарала.

1920 шықәса рзы, Аԥсны аменшевикцәа ахаԥаны ианыҟаз амузеи аекспозициақәа қарҭҟа ииаган. 1924 шықәса рзы ССР Аԥсны анапхгара амузеи азы ахыбра алнакаауеит (иахьагьы уи ахыбраҿ ауп амузеи ахьыҟоу). 1928 шықәса рзы амузеи аҳәынҭқарратә усбарҭа астатус аиуеит.

Амузеи адиректор Аркади Џьопуа иажәақәа рыла иахьазы амузеи иаҭаауеит хыԥхьаӡара рацәала Аԥсны атәылауаа реиԥш асасцәагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0