Арра инарыԥхьаз аҭоуба шьҭарҵеит

© Sputnik Бадрак АвидзбаАрра инарыԥхьаз аҭоуба шьҭарҵеит
Арра инарыԥхьаз аҭоуба шьҭарҵеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аррахь ҿыц инарыԥхьаз Атәылахьчара аминистрраҟны аҭоуба шьҭарҵеит.

АҞӘА, лаҵарамза 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 53-ҩык аԥсуа аруаа Аԥсны Атәылахьчара аминистрраҟны аҭоуба шьҭарҵеит. Ауснагӡатә амҩаԥысра иалахәын урҭ рыуацәа, рҭынхацәа.

"Аррахь днаскьазгоит смоҭа. Сара аррамаҵзура хымԥада иахыстәуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Ҳара ианҳаамҭаз аҳәаанырцә аррамаҵзура ҳахрыжьуан. Уажәы, анцәа иџьшьаны еибашьра ыҟам, ҭынчроуп. Арра узымцари", — иҳәоит Харексиан Левон.

Аҭоубоура аусмҩаԥгатә анымҩаԥсуаз аҽны амш цәгьан, аха уи иахьмырԥшкәа зегьы аныҳәатә гәалаҟазаара рыманы рхы мҩаԥыргон.

"Аҩызцәа асолдаҭцәа, шәара иахьа инаркны Аԥсны арратә мчқәа рыррамаҵзурауаа шәоуп. Ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп ақәҿиарақәа, шәыԥсадгьыл шәаԥсахааит", — иҳәеит Атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҵәыџьба.

Аҭоубашьҭаҵара ашьҭахь дара неиит Атәылахьчара аминистрра ахыбрахь. Уа дара архәҭақәа рахь еихшаны ирышьҭуан.

Ааԥынтәи арранаԥхьара мҩаԥысуеит рашәарамза 30 2017 шықәса рҟынӡа. Аррамаҵзурахь инарыԥхьоит 18 инаркны 27 шықәса рҟынӡа зхыҵуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0