Афилармониаҟны зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа рзы имҩаԥысит аконцерт

© Sputnik Бадрак АвидзбаЗылшарақәа ԥку аҭаацәарақәа рҟынтәи ахәыҷқәа рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаԥган аконцерт.
Зылшарақәа ԥку аҭаацәарақәа рҟынтәи ахәыҷқәа рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаԥган аконцерт. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зылшарақәа ԥку аҭаацәарақәа рҟынтәи ахәыҷқәа рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаԥган аконцерт.

АҞӘА, лаҵарамза 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Зылшарақәа ԥку аҭаацәарақәа рҟынтәи ахәыҷқәа рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаԥган аконцерт. Аклассикатә музыка аконцерт еиҿнакааит агәыҳалалратә фонд "Кьараз".

Аконцерт иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестри ареспублика амузыкатә школқәа рҵаҩцәеи.

Давид Терзиан напхгара зиҭоз акамертә оркестр инанагӡеит Моцарт, Бах, Вивальди, аԥсуа композиторцәа рырҿиамҭақәа. Акамертә оркестр асолистцәа Нана Черқьезиеи Астамур Кәыҵниеи ракәзар еиуеиԥшым ашәақәа рҳәеит.

"Иахьа "Кьараз" аконцерт еиҿнакааит. Ара иҟоуп Очамчыра, Гәылраԥшь, Аҟәа рраионқәа рҟынтәи ахәыҷқәа, ашкол-интернатқәа рҟынтәи ахәыҷқәа", — лҳәеит афонд аиҳабы Камма Гоԥиаԥҳа.

Лара иазгәалҭеит апрограммаҿ ишазыԥхьагәаҭоу Аҳәынҭқарратә музеи аҭаарагьы.

"Амш иаҳнаҭозар, Аботаникатә баҳчахьгьы ҳцон", — лҳәеит лара.

Гоԥиаԥҳа лажәақәа рыла асеиԥш иҟоу аконцертқәа рҭаара злымшо ахәыҷқәа рзы ари ҳамҭа дууп, рдоуҳатә еизҳара иацхраауеит.

"Ишҳалшо ала ахәыҷқәа амузыка адунеи ду иадҳаԥхьалар ҳҭахуп", — лҳәеит лара.

Акамертә оркестр амузыкант Леонид Гребенников иҳаиҳәеит ахәыҷқәа рҿаԥхьа ақәгылара иара изы еснагь аҭакԥхықәра шамоу.

"Ауаҩы дшыхәыҷу идоуҳатә ҿиара ахырхарҭа ауҭароуп. Абри аконцертгьы аҵак ду аманы сахәаԥшуеит", — иҳәеит иара.

Афонд "Кьараз" шьаҭаркын 2015 шықәса мшаԥымзазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0