Ҩыџьа Иран атәылауаа ақырҭуа-аԥсуа ҳәааҟны иааныркылеит

© Sputnik / Кирилл Каллиников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраҨыџьа Иран атәылауаа ақырҭуа-аԥсуа ҳәааҟны иааныркылеит
Ҩыџьа Иран атәылауаа ақырҭуа-аԥсуа ҳәааҟны иааныркылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҩыџьа Иран атәылауаа - Колбуабади Али Сафаралии Нагафпоур Париса Алии ақырҭуа-аԥсуа ҳәааҟны иааныркылеит.

АҞӘА, рашәара 21 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ашәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аррамаҵзурауаа рашәара 20 рзы Иран атәылауаа — Колбуабади Али Сафаралии Нагафпоур Париса Алии ақырҭуа-аԥсуа ҳәааҟны иааныркылеит.

Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ашәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Иаанкылоу Колбуабади Али Сафаралии (1986ш. рзы ииз) Нагафпоур Париса Алии (1988ш. рзы ииз) ражәақәа рыла дара Аԥсныҟа турист визала иаауан.

"Агәаҭаратә уснагӡатәқәа рышьҭахь ишьақәыргылан иаанкылаз рхаҭарақәа. Дара Аԥсныҟа турист ҳасабла иаауан", ҳәа аҳәоит апресс-маҵзура адырраҭараҟны.

Ԥхьаҟатәи аусқәа рымҩаԥгаразы иаанкылоу ахаҿқәа Аԥсны Аҳәынҭқарра акомпетенттә органқәа ирыҭоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0