Аҟәатәи арратә ҵараиурҭа афицарцәа аунашьҭит

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәатәи арратә ҵараиурҭа афицарцәа аунашьҭит
Аҟәатәи арратә ҵараиурҭа афицарцәа аунашьҭит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи арратә ҵараиурҭа иалгаз ааҩык афицарцәа ареспублика архәҭақәа рахь еихыршахьеит.

АҞӘА, рашәара 23 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәатәи арратә ҵараиурҭа иалгаз ааҩык афицарцәа адипломқәа рнапаҿы иддыркит Ахьӡ-аԥша Амемориал аҿаԥхьа.

"Аҟәатәи арратә ҵараиурҭа иалгаз ааҩык аушьҭымҭацәа ареспублика архәҭақәа рахь еихыршахьеит. Атәылахьчара аминистр Идҵала дара ирыхҵоуп афицар ҳәа ахьыӡ. Иара убасгьы рнапаҿы идыркуп адипломқәа", — иҳәеит Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәоз Аҟәатәи иреиҳаӡоу азеиԥшарртә ҵараиурҭа аиҳабы Алхас Жьиба.

Иара иажәақәа рыла, афицарцәа мызк аҩныҵҟа аԥсшьарамшқәа рыҭахоит, нас иахьынашьҭу аҭыԥ аҿы рнапынҵақәа рынагӡара хацдыркуеит.

"Сынтәа ҳара иҳадаҳкылеит аҵараиурҭа аҭалара зҭаху рҟынтәи 44-ҩык рдокументқәа. Мчыбжьык ашьҭахь аԥышәарақәа ҳрылагоит", — иҳәоит иара.

© Sputnik / Томас ТхайцукТоржественное вручение дипломов Сухумского высшего военного училища
Торжественное вручение дипломов Сухумского высшего военного училища - Sputnik Аҧсны
Торжественное вручение дипломов Сухумского высшего военного училища

Аҵараиурҭахь ирыдыркыло аус рыдырулалоит арҵаҩцәа, афицарцәа, иҳәоит Жьиба.

Аҵараиурҭа аԥҵан 2000 шықәса рзы Атәылахьчара аминистр Идҵала.

Ажәабжьқәа зегьы
0