Миллионк мызкы: "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" афонд "Кьараз" адгылара анаҭоит

© Sputnik Гамгия Зафас"Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" афонд "Кьараз" адгылара анаҭоит
Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи афонд Кьараз адгылара анаҭоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" афонд "Кьараз" иазианагоу аԥарақәа рзырхахоит зылшара маҷу аҭаацәарақәеи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рҭаацәарақәеи ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит афонд адиректор Камма Гоԥиаԥҳа.

АҞӘА, рашәарамза 23 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Шықәсык ахь жәаҩа миллион мааҭ Афонд ахь ииаргоит аилахәыра "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи". Афонд "Кьараз" иазиагоу аԥарақәа рзырхахоит зылшара маҷу аҭаацәарақәеи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рҭаацәарақәеи, ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит афонд адиректор Камма Гоԥиаԥҳа апресс-конференциаҟны.

Афонд "Кьараз" анагӡаратә директор Камма Гоԥиаԥҳа лажәақәа рыла раԥхьатәи амиллион ахәҭа ныхын Ԥақәашь ақыҭан инхо ахәыҷы рацәа змоу аҭаацәа рыҩны аргыларазы.

"Аамҭақәак рзы, аԥара зынӡа ианыҟамыз, ҳнапқәа ҳаваҳаит. Ҳахьцарыз ҳаздыруамызт. Иҳаӡбеит аилахәыра "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" ҳрыҳәарц. Аилахәыра адиректор Николаи Ачба иҭак иаразнакы иҳауит. Лаҵара абжазы аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵааҩит. Раԥхьатәи амиллион ҳауит лаҵара 18 2017 шықәса рзы. Убри инаркны ихацҳаркит апроект ду — Ԥақәашь ақыҭан инхо ахәыҷы рацәа змоу аҭаацәа рыҩны аргылара", — лҳәеит лара.

Аилахәыра адиректор иҳәоит, еснагь игәы шазыҳәоз имаҷӡоу азгьы игәаҟуа ауаа ахьыҟам ауаажәларраҿ анхара.

"Ҳара зегьы ара ҳанхоит. Еилаҳкаауеит аӡәы деихбаала дыҟаны иааикәыршаны арыцҳара шыҟамлар акәу. Иуадаҩуп атәыла ахы иақәиҭызтәыз ауаа дара ишырҭаху еиԥш инхо-инҵуа иахьыҟам", — иҳәеит Ачба.

Камма Гоԥиаԥҳа илҳәоит актәи амиллион аҩны аргылара адагьы ишырзырхаз егьырҭ аҭаацәарақәа рзы аргыларатә маҭәахәқәеи абзазаратә техникеи раахәара.

"412 нызқь мааҭ аҩны аргыларахь иҳашьҭит, 205 нызқь мааҭ егьырҭ аҩнқәа аремонт рзуреи аргылара маҭәахәқәа раахәареи рзы инаҳхит. Апроект "Аӡы" азы инаҳхит 226 нызқь мааҭ, ҭаацәарак азы ақыҭанхамҩатә техника ааҳхәеит 17 нызқь мааҭ ҳәа, иаанхаз абзазаратә техникеи ауаа рыхәышәтәреи ирызҳархеит", — лҳәоит Гоԥиаԥҳа.

Агәыҳалалратә фонд "Кьараз" шьаҭаркын 2015 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0