Бах инеиркны Шостакович иҟынӡа: Аҟәа имҩаԥысит аконцерт "Нескучная классика"

© Бадрак АвидзбаАҟәа имҩаԥысит аконцерт "Нескучная классика"
Аҟәа имҩаԥысит аконцерт Нескучная классика - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аконцерт азы еизгахо аԥарақәа зегьы нашьҭхоит Константин Ковач ихьӡ зху аҟәатәи аҟазара ашкол ахыбра аиҭашьақәыргыларази амузыкатә инструментқәа раахәарази.

АҞӘА, рашәәара 26 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Агәыҳалалратә концерт "Нескучная классика" (Игәырҿыӷьгам аклассика) мҩаԥысит Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны.

Аконцерт далахәын еицырдыруа урыстәылатәи апианиноарҳәаҩы Ольга Дашевскаиа. Лара лаԥшьгамҭалоуп ареспубликаҿ хынтәны асеиԥш иҟоу аконцертқәа шымҩаԥысуа.

"Иахьатәи ҳконцерт иахьӡуп "Нескучная классика". Ҳара хықәкны иҳамоуп шәара амузыка азыӡырҩррала агәахәа шәыҭареиԥш, шәышықәса реиҳа зхыҵуа Константин Ковач ихьӡ зху Аҟәатәи аҟазара ашкол ахыбра аиҭашьақәыргыларази амузыкатә инструментқәа раахәарази аԥара аизгара. Ахыбра оумашәа иԥшӡоуп, аха аремонти аиҭашьақәыргылареи аҭахны иҟоуп", — лҳәеит Ольга Дашевскаиа.

Агәыҳалалратә концерт ахәаԥшцәа рҿаԥхьа иқәгылеит аҟазара ашкол арҵаҩцәа. Урҭ инарыгӡеит Бетховен, Шостакович, Моцарт, Прокофиев уҳәа акомпозиторцәа рырҿиамҭақәа.

Аконцерт иацҵахоит рашәара 26 рзы Пицундатәи абаа аконцерттә зал аҟны. Иара мҩаԥысуеит Аԥсны Акультура аминистрреи, Ассоциациа "Инва-содействие", Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилаки, Аҟәа ақалақь Ахадара акультура Аусбарҭеи рыцхыраарала.

Ажәабжьқәа зегьы
0