Милена Барцыцԥҳа амузыкатә проект "Битва талантов" далахәхоит

© Sputnik / Томас ТхайцукМилена Барцыцԥҳа амузыкатә проект "Битва талантов" далахәхоит
Милена Барцыцԥҳа амузыкатә проект Битва талантов далахәхоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
МУЗ-ТВ-и Игор Крутои имузыкатә Академиеи ирыларҳәеит амузыкатә проект "Битва талантов" шхацыркхо азы. 80-ҩык аконкурсантцәа дрылахәхоит Аԥснытәи ашәаҳәаҩ қәыԥш Милена Барцыцԥҳа.

АҞӘА, рашәарамза 26 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Милена Барцыцԥҳа акастинг дахысны апроект алагамҭа аҟынӡа днеиит. Актәи аетап хацыркхахьеит. Аҩбатәи аетап ахь анеира рылшоит 10 – 14 шықәса зхыҵуа 36-ҩык ашәаҳәаҩцәа. Ақәгыларақәа ахәшьара рырҭоит еицырдыруа ашәаҳәаҩцәа.

Аиндаҭлара адагьы алахәылаццәа ирзырхиоуп амастер-классқәа. Милена илҳәоит амузыкахь илымоу абзиабара аҵараҿы ишылԥырхагам.

"Сара исҭахуп схатәы альбом аҭыжьра. Асҭамыр Џьопуа сара сзы иҩит ашәа ҿыц. Сара уи уажәы аҵара саҿуп", ҳәа еиҭалҳәоит лара.

Милена адгылара лыҭо еснагь лааигәара дыҟоуп лара лан – Илона Ақаҩԥҳа.

"Ҳәарада ԥхьаҟатәи ухәыҷы лԥеиԥш еснагь уацәшәоит. Милена дызнылаз амҩа мариам, аха аинтерес аҵоуп, аҳәаа рацәа амоуп. Лара апублика дыргәаԥхоит. Лымш зегьы еихшоуп", ҳәа лҳәоит Илона.

Милена Сергеи Жилин иҟазаратә студиа "Фонограф" аҟны аҵара лҵоит дхәыҷаахыс. Ԥшьышықәса анылхыҵуаз лҭаацәа днаргеит амузыкатә театр ахь. Милена 12 шықәса роуп илхыҵуа, аха имаҷымкәа апроектқәа дрылахәхахьеит. Лара ибзианы еилылкаауеи амузыка шлыԥсҭазаароу.

Милена дықәгылахьеит Амстердамтәи атеатр "Каре" аҟны, дрылахәхахьеит Шәача имҩаԥысуаз Аолимпиатә хәмаррақәа раркраантәи ауснагӡатәқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0