Ақаҩба: амч ахамырхәаразы аҳәамҭа ҳадаҳкыларц акгьы ҳагӡамызт

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 40-тәи рраунд алкаақәа ирызкыз апресс-конференциа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 40-тәи рраунд алкаақәа ирызкыз апресс-конференциа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 40-тәи рраунд алкаақәа ирызкыз апресс-конференциа.

АҞӘА, рашәара 22– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсныи Қырҭтәылеи абыржәаҟара амч ахамырхәаразы аҳәамҭа аицрыдкылара иазааигәаны иҟамлацызт, иҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 40-тәи рраунд алкаақәа ирызкыз апресс-конференциаҟны.

"Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәагьы налархәны алахәылацәа зегьы амч ахамырхәаразы аҳәамҭа адкылара иазыԥшын, акыр оумашәагьы ирбеит уаанӡа ҳаззеиқәшаҳаҭхахьаз атекст, абри азҵаара ақырҭуа ган уашьҭантәи араунд аҟынӡа иахырԥазарц аҳәара аныҟарҵа", — иҳәеит аминистр.

Актәи амш аҽны ҩ-ганктәи аиԥылараан аԥсуа ган ажәадагала арҭеит амч ахамырхәаразы ҿырҳәалатәи аҳәамҭа аҟаҵаразы.

"Атекст акәзар уаанӡа ақырҭуа ган иҳадыргалахьаз ауп. Алахәылацәа зегьы рзы уадаҩрак зцымыз ԥсахрақәак алагаланы аҩбатәи амш азы аҳәамҭа ҳадаҳкылоит ҳәа ҳшазыԥшыз дара мап ацәыркит. Иҟалап ақырҭуа ган реиҳабыреи дареи реицәажәарақәа рышьҭахь акәзар асеиԥш аӡбра анрыдыркыла", — иҳәеит Даур Ақаҩба.

Қырҭтәыла аҽазныкгьы амч ахамырхәаразы аиҿцәажәарақәа рҽрыцәхьаркит - Sputnik Аҧсны
Қырҭтәыла аҽазныкгьы амч ахамырхәаразы аиҿцәажәарақәа рҽрыцәхьаркит

Абри азҵаара адагьы аиҿцәажәарақәа раан иалацәажәан Аԥсныи Қырҭтәылеи рҳәааҟны аушьҭырҭатә ҭыԥқәа раркра азҵаара.

"Ақырҭуа гани ацхантәаҩцәеи ибзиаӡаны ирдыруеит ҳпозициа зеиԥшроу. Лаҵара 17 рзы ари аҭыԥ ахь инаԥхьан ацхантәаҩцәа рделегациа. Дара рылала ирбеит иҟаз аҭагылазаашьа. Дара усҟан иазгәарҭеит иарбанызаалак гуманитартә рыцҳарак ыҟам ҳәа", — иҳәеит аминистр.

Иара убасгьы азхьаԥшра аман рашәара 1 азы ООН Ассамблеиа Хада аилатәараҟны ахҵәацәа рганахь ала апроект ирыдыркылаз. Аԥснытәии Аахыҵ Уаԥстәылатәии аделегациақәа аҩ-усутә гәыԥ рҟны аҳәамҭа ҟарҵеит ахҵәацәа рпроблематика Женеватәи аиҿцәажәараҿы ацәыргара иашам ҳәа.

Иара убри аан иазгәарҭеит ақырҭуа ган абри азҵаара Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи злахәым егьырҭ жәларбжьаратәи аҭыԥқәа рҿы ишцәырнаго. Рашәара20 — 21 2017 шықәса рзы Женева имҩаԥысит Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 40-тәи рраунд.

Ажәабжьқәа зегьы
0