Надараиа: Гал араион ареспубликаҿы реиҳа иҭынчу рахь иаҵанакуеит

© Sputnik Джопуа РобертГал ақалақь 85-шықәса ахыҵра инадҳәаланы имҩаԥысуеит аныҳәатә уснагӡатәқәа
Гал ақалақь 85-шықәса ахыҵра инадҳәаланы имҩаԥысуеит аныҳәатә уснагӡатәқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гал ақалақь 85-шықәса ахыҵра инадҳәаланы имҩаԥысуеит аныҳәатә уснагӡатәқәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 19 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Гал араион аҟны аԥснытәии урыстәылатәии аҳәаахьчаҩцәа имҩаԥырго ашәарҭадара ахьчара аҿиарази аҭынчрази фактор ҳасабны иҟоуп, иҳәеит араион Ахада Ҭемыр Надараиа.

"Уи иалнаршоит асоциал-економикатәи аполитикатәи ҟазшьа змоу азҵаарақәа рыӡбра. Иаарласны ҩышықәса ҵраны иҟоуп араион аҿы террористтә актк мҩаԥымсижьҭеи, араион ауааԥсыра рӷьычрақәа аанкылахеижьҭеи. Гал араион ареспубликаҿы реиҳа иҭынчу раионны иҟоуп" — иҳәеит Надараиа.

Араион Ахада иажәақәа рыла, атәыла иахьатәи анапхгара азхьаԥшра ду арҭоит араион асоциал-економикатә ҿиара. Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵо ацхыраара Акомплекстә план инақәыршәаны араиони ақалақьи рцентртә мҩаду аремонт азууп, шьаҭанкыла аремонт рызууп акультуратәи аҵаратәи усҳәарҭақәа.

Аԥсны Ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа инаҵшьны иазгәеиҭеит аибашьра ашьҭахь Гал араион ауааԥсыра иуадаҩыз аамҭақәа ишырхысыз.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аетнологиа аҟәша аиҳабы Белла Кьецԥҳа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Белла Кьецԥҳа Гал араион ашьаҭа зыркыз изкны: ақыҭанхамҩа инапы алакын

"Иахьа ақалақьи араиони удырыртә иҟам. Анапхгара ҿыц гәыла-ԥсыла аус шыруа ауаа еилыркаауа иалагеит. Араион еиҳа-еиҳа аԥсы ҭалоит, иҿиоит. Уи умбарц залшом" — иҳәеит Занҭариа.

Аԥсны Аԥыза-министр Беслан Барцыц атәыла Ахада идныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит, араион Ахадарагьы ириҭеит ақалақь аиҭашьақәыргыларазы миллион мааҭ аԥара.

Ажәабжьқәа зегьы
0