Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит

© AFP 2023 / GEORGES GOBETАрхивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа азнауит ԥхынгәы 30 инаркны нанҳәа 12 рзынӡа имҩаԥысуа Қырҭтәылеи НАТО-и рырратә зыҟаҵарақәа "Достойный партнер 2017".

АҞӘА, 19 ԥхынгәы — Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа азнауит ԥхынгәы 30 инаркны нанҳәа 12 рзынӡа имҩаԥысуа Қырҭтәылеи НАТО-и рырратә зыҟаҵарақәа "Достойный партнер 2017".

Қырҭтәыла арратә мчқәа разыҟаҵара арҭбаареи аизырҳареи арегион аҟны иҟоу аҭынчра ҵнашәаауеит, иҟоу аимакқәа рҭышәныртәалара иазырхоу жәларбжьаратәи аформатқәагьы рҽазышәара иаԥырхагоуп. Абри атәы аҳәоит Адәныҟаполитикатә усҳәарҭа аофициалтә саит аҟны.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәҭынчымра азнарҵысуеит аформат Қырҭтәыла-НАТО ала иазыԥхьагәаҭоу масштабҭбаалатәи, арратә кәлаӡтәы техникеи авиациеи алархәны, зықьҩыла аруаа злахәны имҩаԥгахараны иҟоу арратә ҽазыҟаҵарақәа" ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҟны.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра азхьаԥшра анаҭоит асеиԥш иҟоу азыҟаҵарақәа Қырҭтәыла аҵакыраҿы изныкымкәа ишымҩаԥысхьоу, урҭ еиҳа-еиҳа рыҽышдырҭбаауа.

"Асеиԥш агәҭынчымра узҭо астатистика иаартны иунарбоит Қырҭтәыла, иара америкатәии европатәии аҩызцәа рыцхыраарала, арратә лшара шарҭбаауа" ҳәа аҳәоит аминистрра аҳәамҭа.

Иара убасгьы аминистрра иазгәанаҭоит мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа ишәарҭоу рполитика қырҭтәыла амилитаризациа ишацхраауа. Уи шакәу 2008 шықәса рзы Қарҭ имҩаԥнагаз агрессиагьы алзыршаз.

"Абри инадҳәаланы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәылеи иара апартниорцәеи имҩаԥырго аусқәа идеструктивтәу, арегион аҟны ԥхьаҟа аҭагылазаашьа уадаҩ аԥызҵо ракәны иахәаԥшуеит" ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҟны.

"Достойный партнер 2017" иалахәхоит 2 800-ҩык Қырҭтәыла, США, Великобританиа, Германиа, Ҭырқәтәыла, Словениа, Украина, Ермантәыла рыруаа.

Ажәабжьқәа зегьы
0