Џьемал Ешба: Аԥсны акартош инарҭбааны рхы иадырхәоит

CC0 / Pixaby/Couleur / Аԥсны акартош инарҭбааны рхы иадырхәоит
Аԥсны акартош инарҭбааны рхы иадырхәоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны акартошаарыхра аус шымҩаԥысуа атәы далацәажәеит "Аԥсны аграрицәа реидгыла" ахантәаҩы Џьемал Ешба.

АҞӘА, ԥхынгәы 20– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны акартошаарыхра аус шымҩаԥысуа атәы далацәажәеит "Аԥсны аграрицәа реидгыла" ахантәаҩы Џьемал Ешба. Иара иазгәеиҭеит бжьаратәла мызк аҩныҵҟа 500 тонна акартош ахархәара шамоу.

"Аилахәыра "Чегьем 2016" аалыҵ аҳәаанхыҵынтә иаарго акартош аконкуренциа бзиа азнауа иҟоуп, аха дара ԥхынгәы-нанҳәа рзы мацароуп ареспубликаҿ иазхаша акартош аадрыхуа ианыҟоу. Ҳахәаԥшуазар, ҵыԥх акартош ахәԥса 40 мааҭ инаӡон, сынтәа – 25 мааҭ. Сара иазысыԥхьаӡоит уи зылҵшәо аҭыԥантәи аграрицәа русуроуп ҳәа", — иҳәоит Ешба.

Ешба ишиҳәаз ала аҭыԥантәи аалыҵ зехьынџьара, аҭирҭақәа рҟны ирҭиуеит.

Аилахәыра сынтәоуп аџьармыкьахь ианкылс.

"25 гектар рҟынтәи аарыхыҩцәа иҭаргалеит аҽаҩра бзиа. Ара иаҳҭаан иҟаз Индиа, Иран рҟынтәи ҳпартниорцәа оумашәа ирбон абри аамҭазы абриаҟара ҽаҩра аиура ахьалршаз" — иҳәеит иара.

Акартошаарыхра рнапы алакуп Очамчыра араион аҟынтәи аграрицәа.

Џьемал Ешба Sputnik Апсны иеиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Џьемал Ешба агәра игоит ареспублика ахала аҭахрақәа рхарҭәаара алшоит ашықәс зегьы акәымзаргьы, 4-5 мзы рыҩныҵҟа ҳәа.

Ешба иара убасгьы иҳәеит 2017 шықәса рзы ишазыԥшу акырпыжәи ашьынкеи рҽаҩра беиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0