Анегатив иашьцылаз

© Sputnik  / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАсоциалтә ҳа Феисбук
Асоциалтә ҳа Феисбук - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи аамҭазы еиқәырццакны иҟалаз ацәгьоурақәа ауаажәларра асоциалтә ҳақәа рҿы ишырныруа атәы дазааҭгылоит Елеонора Коӷониаԥҳа.

Sputnik

Иахьа аԥсуаа реиҳараҩык ахьеицәажәо асоциалтә даҟьақәа рҿоуп, хықәкыла Феисбук аҿы. Абраҟа иубит аофициалтә жәабжьқәа, нас, урҭ ахҳәаақәа ироуа, иара убри адагьы, ахатә гәаанагарақәа адаҟьа аҭааҩцәа ирыдызгало рацәаҩуп. Феисбук аҿы, инеиужьны иҟоу, иану, иара убас, иҟам, ианым иалацәажәоит анонимцәагьы.

Зыхьӡи зыжәлеи змырзо анонимцәа риааиразы, ихәыцуп блокирвка захьӡу ацхыраагӡа, убри аҟынтә, урҭ идырым рацәажәара зласҭахым ала, еиҳарак хшыҩзышьҭра зысҭо идыру ауаа ранҵамҭақәа роуп. Феисбук адаҟьаҿы ицәырҵуа ацәажәарақәа рӷьырак, анегативтә зҵаатәқәа ирызкуп.

Апарламент. - Sputnik Аҧсны
Апарламент асахьаныҟәа

Араҟа уи адаҟьа ахархәаҩцәа шоуп ҩ-гәыԥкны, амчра иадгылои, аоппозициа рахь иадызцәылои. Ииашоуп, иҟоуп иара убас, акгьы змыҩуа, аха алаикқәеи афотосахьақәеи зырҵәиуа ауаагьы. Зеиԥшла адаҟьа иаҭаауа ирыҩуа ахҳәаа азууазар, иҵоурам атемақәа роуп аԥыжәара змоу.

Ацәгьоура, акоррупциа, ани дышҽеим, ари дышҽеим. Ииашоуп, арҭ зегь аҭыԥ рымоуп ҳаԥсҭазаараҿы, аха, иазгәаҭатәуп, асоциалтә даҟьаҿы шамаха аӡәгьы дшаламцәажәо акультуреи, аҭҵаарадырреи, мамзаргьы асахьаркыратә литературеи рыҿиашьа.

Иубаратәы иҟоуп, иахьа ашәҟәыԥхьара акыр ишхьысҳахаз, избанзар, аибашьра ашьҭахь ицәырҵыз асахьаркыратә ԥҵамҭақәа ажурнал "Алашара" адаҟьақәа рҿы ишцәырҵуагьы, урҭ рыӡбахә аӡәгьы иҳәом, шамаха, аҭҵаарадырра иазку статиак ықәыргыланы иахцәажәо убом, иҷыдоу гәыԥқәак рҿы иҟамзар.

Ари аҩыза аҭагылазаашьа, акультура акаҳара иазҳәоуп, избанзар, асахьаркыратә литература иамыԥхьо, апублицистика заҩзыжьуа амилаҭ рдоуҳа ашьҭыҵра ацәыуадаҩхоит. Асовет ҳәынҭқарра ахаан, шәҟәы бзиак анҭыҵлак еизаны еилдыргон. Исгәалашәоит, амилаҭтә библиеотека ахыбраҿы, алитература абзиабаҩцәа еизаны, Алықьса Гогәуа ироман "Асду" ианахцәажәоз.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Ахалахьырхәра

Арҭ реиԥш иҟаз аиԥыларақәа иаадырԥшуан ҳмилаҭ рсахьаркыратә литература хшыҩзышьҭра ду шарҭоз. Усҟан, иара ашәҟәыҩҩыгьы дыԥхьагыланы, жәлар дырҿахәҳәаҩны дшьан. Аҵхәтәантәи аамҭазы, ҽаԥарак иԥеит ҳҳәар ауеит атеатртә культура, ахәаԥшцәа асоциалтә даҟьаҿы ирымоуп алшара, аспектакльқәа анцо аилкаара, иара убас, зны-зынла уи азы згәаанагара зыҩуагьы ыҟоуп.

Аха, ари ахырхарта зынӡа имаҷуп, феисбук жәлары еиҳарак аӷыӷеибагара бзиа ирбоит, убри аамҭазы, хатәы бызшәала еибырҳәогьы маҷуп. Ԥсышәала аицәҳара уамак иманшәаламкәа ирбоу, мамзаргьы рхатәы бызшәала ишақәнагоу аҩышьа рзымдыруоу, тәым бызшәалоуп ишеицәажәо еиҳарак.

Аха, зегь реиҳа иџьоушьаша аҳәатәи аҳәашьеи ҳалацәажәозар, уи акыр аҩаӡара лаҟәуп. Араҟа зны-зынла, ауаа ирзымдыруа иалацәажәоит, еиҳаракгьы дилетанттә бызшәала еиуеиԥым ареформақәа шыҟаҵатәу. Абарҭқәа зегьы ирнубаалоит, аԥсуа культура ахаҿра акыр аҽшаԥсахыз, анкьа иҟаз ацәаара шыӡуа, аха иҿыцу бжеиҳан ишакәым ҳхы ишаҳархәо.

Ус акәзаргьы, асоциалтә даҟьақәа иахьа аибабара зцәыуадаҩу ауаа рзы, гәаанагара еибыҳәарҭаны иҟалеит, уи иԥырхага дууп ҳәа изыԥхьаӡо дыҟазаргьы, ишақәнагоу, амаршәа кны уазнеир, араҟа ихәартоу аинформациа уоур алшоит, иара убас, зыхшыҩ цҳафыруа, ахшыҩҵак бзиақәа аазырԥшуа, иџьбароу, аха хра злоу акритика аҟаҵара зылшо ауаа урыниаргьы ҟалоит. Аус злоу, аӷыӷеибагереи анегативи рывсшьа ашьҭкаароуп.

Р.S.

Sputnik адаҟьаҿы иқәгыло санҵамҭақәа сышьҭарқәланы санрыхәаԥшуа игәасҭоит, аҟазареи алитературеи ирызку анҵамҭақәа ирыхәаԥшуа рхыԥхьаӡара акыр ишмаҷу, ацәгьоурақәа, мамзаргьы аполитикатә еиҿыхарақәа ирызку еиҳа игәцаракны ишрымоу. Аԥсҭазаараҿы аҭаӷәҭасрақәа рацәоуп, аха акультура аԥыжәара анаҳамҭа, анегатив еиҳагьы еиҳахар алшоит.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит

Ажәабжьқәа зегьы
0