Акциа "Бежим со смыслом" амҩаԥысраан Багаԥшь ихьӡ зху Ашҭа аркхоит

© Sputnik / Томас ТхайцукБагаԥшь ихьӡ зху Ашҭа
Багаԥшь ихьӡ зху Ашҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә акциа "Бежим со смыслом" мҩаԥнагоит аиҿкаара "Аԥсны агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа".

АҞӘА. ԥхынгәы 20 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Ԥхынгәы 23 рзы, Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ амш аҽны Агәыҳалалратә еиҿкаара "Аԥсны агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа" имҩаԥыргараны иҟоуп акциа "Бежим со смыслом".

Агәыҳалалратә акциа "Бежим со смыслом" амҩаԥысраан Багаԥшь ихьӡ зху Ашҭа аркхоит ԥхынгәы 22 асааҭ 7:30 инаркны ԥхынгәы 23 асааҭ 14:30 рҟынӡа. Абри атәы аҳәоит Аҟәа ақалақь Ахадара асаит аҟны.

Иара убасгьы амҽыша, ԥхынгәы 23 асааҭ 7:30 инаркны 14:00 сааҭ рҟынӡа акафе "Пингвини" аресторану "Дэми" рахь автотранспорт анеира аанкылахоит.

Ԥхынгәы 23 рзы, Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ амш аҽны имҩаԥгахоит Агәыҳалалратә еиҿкаара "Аԥсны агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа" имҩаԥырго акциа "Бежим со смыслом".

Ари агәыҳалалратә акциа сынтәатәи аԥхынразы реиҳа инарҭбаау спорттә усмҩаԥгатәны иҟалоит. Акциа иалахәхарц зҭаху зегьы рыҽҭарыҩуеит. Дасу иоуеит ихатәы номер. Убри аан дасу агәыҳалалратә ҟазшьа змоу аԥаралагала ҟаиҵоит".

"Еизгахоу аԥара Афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭоу ахәыҷқәа рыхәышәтәра иазырхахоит. Иара убасгьы еиҿкаахоит алотареиа. Акциа алахәылацәа зегьы уи иалахәхоит", — иҳәеит Ацҳаражәҳәаҩ Кан Ҭаниа.

Алотареиаҟны иазыԥхьагәаҭоу аԥхьахәқәа иреиуоуп ҳаамҭазтәи асмартфон.

Ауснагӡатә мҩаԥгахоит Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҟны. Иара иалахәхоит иара убасгьы Урыстәылатәи асасцәа, Италиа атәылауаҩ. Акциа алахәра рылшоит изҭаху зегьы, алахәылацәа рхыԥхьаӡара ԥкым.

Раԥхьатәи алахәылацәа 50-ҩык иранашьахоит "Аԥсны Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа" реиҿкаара алогатип зну ашәҵатәқәа.

Абри амш аҽны иара убасгьы еиҿкаахоит аконцерт, Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа, асааҭ 20:00 рзы. Аконцерт иалахәхоит ансамбль "Каданс" Калугатәи аоркестр "Ni Hao band".

Ажәабжьқәа зегьы
0