Назми Лазба: аԥсуа дахьаԥсыуаҵәҟьоу Аԥсноуп

© Foto / Сырма АшәԥҳаНазми Лазба, ихыҵуеит 90 шықәса, дынхоит Ҭырқәтәыла.
Назми Лазба, ихыҵуеит 90 шықәса, дынхоит Ҭырқәтәыла. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла, Есқьишьеҳир ақалақь аҿы инхо ҳџьынџьуаҩ Назми Лазба, ихыҵуеит 90 шықәса, иара дазааҭгылоит иабдуцәа рҭоурыхи уатәи иԥсҭазаареи.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Назми ҳаиҿцәажәара хациркит Аԥсны иқәҵыз иабдуцәа рҭоурых ала. 

"Ҭырқәтәыла иҟоу ҳара, аиаша шәасҳәап, ҳажәлазаҵәны ҳаанхеит Лазаа. Аԥснынтә хҩеишьцәа ықәҵит арахь. Ҳалиҭ ихьӡын сабду иаб иашьа. Сара сабдугьы Ферҳаҭ ихьӡын. Ианшьцәа дрыцны дааит, иани иареи еицын ианаауаз, ианшьцәа рҿы ддухеит. Ианшьцәа Ҵыҵаа рыжәлоуп. Сабду ҩыџьа аԥацәа иман, саби саб иашьеи. Саб Зеиҭи ихьӡын, саб иашьа арра дахьыҟаз дыԥсит.

Тырқәтәыла, Қәызлуқ ақыҭаҿы инхо ҳџьынџьуаҩ Муса Қапба - Sputnik Аҧсны
Муса Қапба: Аԥсуа радио ала аԥсышәала раԥхьаӡа акәны исаҳаз ашәа уажәыгь сгәы ихааӡа иҭоуп

Санду Амҷаа дреиуан, саб иан. Сара сангьы Хәматԥҳауп, Назлы лыхьӡын. Сани саби хҩы ахшара ҳрааӡеит. Саҳәшьеиҳаб Назмиа дыҟоуп, макьанагьы дыбзоуп. Саргьы Назми сыхьӡуп, саҳәшьеиҵбы Аисар лыхьӡуп. Ҳара ҳашхәыҷыз сан дыԥсит. Саҳәшьеиҵбы дхәыҷын, ҩышықәса лхыҵуан, сан лан длааӡеит. Саҳәшьеиҳаби сареи сабраарҿ ҳаҟан, уа иҳазҳаит", — абас, аҭоурых дагәыланахалон абырг. 

Назми Лазба, аамҭаказы дынхон Мезиҭ ақыҭан, нас уантә дыхҵәан, Есқьишьеҳир ақалақь ахь дааит. Ҩыџьа ахшара драбуп, ирызҳауеит имаҭацәеи, урҭ ирхылҵызи. 

"Сара сԥеи сыԥҳаи ыҟоуп. Кьаамили Саадеҭи рыхьӡуп. Сԥа Азеирбаиџьан дыҟоуп, уа аус иуеит амедецина аганахь ала. Сыԥҳагьы Енегиоль дыҩнроуп. Сҭаца длазуп, аха ҳара ҳалҵеит, аԥсуа ҵасқәа цәгьа игыҟәылгоит, уи азы сгәы раҳаҭуп. Сыҷкәын хҩы ахшара имоуп. Смаҭа еиҳабы 18 шықәса ихыҵуеит. Сыԥҳа ҩыџьа ахшара лымоуп, лыԥҳеиҳаб уажәшьҭа 25 шықәса лхыҵуеит, дыҩнроуп. Схы сыхшара Анцәа дсеигәырӷьаратәы сыҟоуп", — дцәажәон Назми ихшара дреигәырӷьан.  

Назми игәы иалоуп Ҭырқәтәыла инхо Лазаа рхыԥхьаӡара ахьмаҷу. "Ҳара, ара жәа-ҭаацәаракгьы ҳаҟам. Ижәымбои, ара ҳаҳәшьцәа, хаԥҳацәа аҭырқәцәа ирыццақәазгьы ыҟоуп, ҳаилаӡҩеит, иҳәеит игәы иаланы.  

Назми аԥсуара ҷыдала дазыҟоуп. Зегь раԥхьа иргылоит аԥхашьара. Уи зегьы аҵанакуеит, иҳәоит иара дазгәыдууны. 

Аҩадатәи Кипр инхо ҳџьынџьуаҩ Меҳмеҭ Чаалар - Sputnik Аҧсны
Меҳмеҭ Чаалар: аиҳабацәа аҭоурых алацәажәара рацәак бзиа ирбаӡомызт

"Аԥсуара сазыкәырбанхааит, цәгьа бзиа избоит. Еизҳауа ҳҿар ҳара  иаҳбаз аԥсуара, ҳара иныҟәаҳго ҳҵасқәа инагӡаны егьырымбеит. Аԥсуара аџьабаа аҭахуп, аԥсуара аԥхашьара аҭахуп. Аԥхашьара зегь раԥхьа игылоуп. Аԥхашьароуп-аԥсуара. Аԥсуара ҳара ишаҳҭаху егьҳазныҟәгом аҭырқәа идгьыл аҿы. Ҳара иҳамоу аныҳәара амч шԥаӷәӷәоу?! Алԥха ҳамазааит, иныҟәаҳгар, ҳныҟәнагоит. Аԥсуа акриуроуп, аԥсуа дыӷәӷәазароуп, ирыцҳау дицхраароуп. Арыцҳа дкәаҳаны дихымсроуп", — дҳацәажәон Назми Лазба. 

Назми иҭахуп изызҳауа абиԥара раԥсуара дмырӡырц, рыԥсадгьыл ахь рхы кыдырҵарц.

"Аҭырқәа ҟазшьақәа иҳалаҽқәаз ыҟоуп, ҳгәы ишаҭаху ҳаҟам. Ҳахшара аԥсыуала иҳааӡап ҳҳәоит, аха иахьиз иахьааӡаз иатәу акультура рылаҽуеит. Аԥсуа дахьаԥсыуаҵәҟьоу Аԥсноуп. Ҳашьцәа сшәыкәырбануп. Аԥсуара бзиа иаҳбоит, ара хаҭала атәым дгьыл аҿы уи сеиқәнархоит. Мамзар егьа бзиа уҟазаргьы ушаԥсыуоу анузымдыр, кыр уаанагоума? Аԥсуара ԥсыс исхоуп, блас исымоуп. Аԥсуара аџьабаа анадумбала, иныҟәызгоит ҳәа уагьаламган. Аԥсуара ахьӡ ахьымӡӷ дууп. Аԥсны инхо аԥсуаа, ижәдыруаз, сыԥсы шәызцоит. Иауазеи? Аԥсуа ануҳәалак, адунеи иқәынхо ажәларқәа ираԥхьагылоу роуп. Ишԥа? ҳәа шәҵаауазар, уаҩрала. Арҭқәа зегьы еибыҳәалатәуп, ирӡлатәым", — дҳабжьон абырг.

Иара Аԥсны дзымцаӡац, акры ихыҵуеит. Аха, ибар иҭахуп, иԥсы алоуп. Иара ижәлантәқәа, иашьцәа дрыкәырбануп, аԥсуаа зегьы иара иашьцәа роуп, иара дызлыҵыз иуаажәлар роуп.

"Схәыҷы, сгәы бырԥшааит, сабдуцәа зегьы рыԥсчы ҭаланы саԥхьа итәоушәа исзааиуеит абыржәы. Еҳ, шаҟа рыгәнаҳа цәгьоузеи…", — ицәажәара иациҵон абырг. 

Маҳинур Папааԥҳа - Sputnik Аҧсны
Маҳинур Папаԥҳа: Баграт Шьынқәба иажәеинраалақәа ҿырҳәала исҵон

Аҭаацәа рҿы иалагароуп ахәыҷы иааӡара, нас уи анарха аиуеит дызланхоу иуаажәлар рҿы, иҳәоит Назми.  

"Сара санхәыҷыз исгәалашәоит, сабду алақәа драӷьуан. "Ааит, уԥхамшьаӡои?", иҳәон. Саргьы сгәанала ус схәыцуан: "Ҳаи, абааԥсы, сабду, ари лоуп, уԥхамшьаӡои?", ҳәа зауҳәозеи ҳәа. Аха, иара иахьиаҳауа исҳәараны ԥсыхәа егьсымамызт. Нас ауп еилыскаауа саналага, сабду ииҳәоз ззииҳәоз. Ала, ауаҩы дадыруеит, аԥхашьара адыруеит.

Иубжьар, иуҳәо зегь ҟанаҵоит, утәа уҳәар итәоит, угыл уҳәар игылоит. Изааӡаз ииҳәо адыруа, иажәа иацәыԥхашьо еизҳауеит. Ааӡара аума аҵанакуеит. Аӡә имацара уи имч егьақәхом. Ақәа анаулак аҩар ниасуеит, аҩар анааилак уӡәӡәаны уагоит. Ақәа ашьшьыҳәа иауазар, иахьауагьы акы иаҳәоит, уаргьы акы иухәоит. Ҳара ус ҳаанхеит уажәы, ҳмаҷхеит, уи цәгьа сазыгәырҩоит. Ҳара ҳазшаз ҳразҟы ҳацишеит, амҩа ҳақәызҵо иара иоуп. Аԥхашьара сара сзы зегьы аҵанакуеит.

Аԥхашьара зегь раԥхьа игылоуп. Сара сгәаҿынтә иааиуа абри ауп. Уажьшьҭарнахысгьы аԥсуара рыцҳаны инумыжьын, иаҳхаумыршҭын. Аԥсуа ҭаацәа аҵакы дууп, имицгьы иԥсызгьы зегьы ҭаацәак ауп еидызкыло. Аҭаацәа зегьы ирыцкуп. Иаҳҭаху абзиара ҳалумхын, ацәгьарахь ҳҿы умырҳәын, ахшыҩ бзиа ҳаиҭааит.

Сара Аԥсны сцаанӡа, сысаламқәа сашьцәа иахьырзыбго ԥхыӡушәа исзааиуеит. Уи аҩызагьы ҳазшаз сылахь иахьаниҵаз, ҭабуп ҳәа иасҳәоит!", — абас, абырг игәырӷьара ҳәаак амамкәа ҳаиҿцәажәара хҳаркәшеит. 

Ажәабжьқәа зегьы
0