Аҳҭнықалақь аџьырмыкьаҿы ахәаахәҭырҭатә ҭыԥқәа ишақәнаго иҟалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАрхивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳҭнықалақь аџьырмыкьаҿы ахәаахәҭырҭатә ҭыԥқәа ишақәнаго иҭышәынтәалан рыҟазаара апроект иалацәажәон ақалақь Ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа напхгара зиҭо акомиссиа аилатәараҟны нанҳәа 17 рзы.

АҞӘА, нанҳәа 17 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аҳҭнықалақь аџьармыкьа ахадареи аҳҭнықалақь асанитар-епидемиологиатә станциеи аус адырулараны иҟоуп аџьармыкьа иахьаҵанакуа ахәаахәҭырҭатә ҭыԥқәа реихшара апроект, урҭ асанитар-епидемиологиатә нормақәеи ахәаахәҭра аԥҟаррақәеи ирықәшәарц азы. Абри атәы иҳәеит ақалақь Ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа.

"Акрыҭыҩцәа уи рҽазыҟарҵароуп. Аџьармыкьа хышәа-ҵышәак амоуп. Зегь ҳзаркӡом. Иргәаԥха-иргәамԥха ихәаахәҭуа ринтересқәа рыдагьы ауааԥсыреи атәыла асасцәеи ринтересқәагьы ҳрызхьаԥшыроуп. Урҭ ара адгьыл иқәҵан ирҭиуа аалыҵ аархәалар ада ԥсыхәа рымамкәа иҭаргылоуп. Ҳара зегь раԥхьа иҳаргылалароуп ауаа ргәабзиара ашәарҭадара" — иҳәеит Леон Кәарҷиа.

Аџьармыкьа хада адиректор Алхас Гәыргәлиа игәаанагарала афатәаалыҵ зҭиуа зегьы ҩбаны еихагылоу аџьармыкьа ахыбрахь риагара ауан, уи актәи аихагылаҟынтәи амаҭәаҭирҭақәа ықәгазар.

Сухумприбор аҟны ихәаахәҭуа рзанааҭтәхеилак ахантәаҩы Емма Арутиуниан иргәалалыршәеит шықәсқәак раԥхьа амаҭәа зҭиуаз аҩбатәи аихагыла аҟынтәи иахьа иахьыҟоу ахь ианиаргоз хымз иазынаԥшуа ишақәшаҳаҭамыз, агәынамӡара есҽны ишаадырԥшуаз.

Ақалақь Ахадара аиурист Баҭал Аршба иазгәеиҭеит аӡәгьы азин шимам қәымчрала иусқәа рыӡбра, ззин ыҟам ахәаахәҭра амҩаԥгара.

Акомиссиа иаӡбеит аџьармыкьа ахадара инарҭбаау аинвентаризациа мҩаԥыргарц, аргыларақәа рпаспортизациа еиҿыркаарц, изтәу ишәҟәқәа зегь еидыркыларц. Аҳҭнықалақь Ахадара архитектуреи ақалақьеиҿкаареи Русбарҭа анапы ианырҵеит ахәаахәҭра ҭыԥқәа рсхемақәа рпроект шьақәдыргыларц.

"Уажәы ишыҟоу еиԥш ԥхьаҟа ҟалашьа амам. Аҭагылазаашьа ԥсахтәуп. Аҿагыларақәа ҳаушт, амитингқәагьы реизгара иалагашт, аха маҷ-маҷ акәзаргьы ацивилизациатә шьаҭа аҭаны ахәаахәҭрахь ииастәуп. Иара убри аан изҭаху зегьы ҭыԥла ишаҳзеиқәмыршәогьы уажәнатә иазгәаҳҭоит", — иҳәеит Леон Кәарҷиа.

Аџьармыкьа хада акәзар ес-ҽны ззин ыҟам ахәаахәҭырҭа ҭыԥқәа ацлоит. Аиҳаракгьы Гәлиа имҩа аганахь ала, уа аалыҵ зҭиуа атранспорт аныҟәара иаԥырхаганы, ауаагьы рхаҭагьы рыԥсҭазаарақәа ашәарҭа иҭаргыланы ахәаахәҭрақәа мҩаԥыргоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0