Аԥсни Урыстәылеи рыруаа "аӷа икомандирцәа" ҭадырхеит

© Sputnik / Геннадий Дубовой / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВоенная техника ополчения ДНР на линии разграничения. Архивное фото
Военная техника ополчения ДНР на линии разграничения. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауааи Аԥсны Аҳәынҭқарра арратә мчра амаҵзурауааи адәытә ҽазыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны аполигонқәа Нагвалоуи Ҵабали рҟны аҵаратә зыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит.

АҞӘА, цәыббра 20 — Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауааи Аԥсны Аҳәынҭқарра арратә мчра амаҵзурауааи адәытә ҽазыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны аполигонқәа Нагвалоуи Ҵабали рҟны аҵаратә зыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит.

"Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауааи Аԥсны Аҳәынҭқарра арратә мчра амаҵзурауааи адәытә ҽазыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны аполигонқәа Нагвалоуи Ҵабали рҟны аҵаратә зыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит. Аррамаҵзурауаа тревогала ршьапы иқәыргылан, аҽазыҟаҵаратә комплексқәа ирхыжьын. Аҵаратә зыҟаҵарақәа инарықәыршәаны Аԥсни Урыстәылеи рыруаа "аӷа икомандирцәа" ндырҵәеит", — иҳәеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафьев.

Арратә база амотохысыҩцәа рыхәҭа, ҳаамҭазтәи атанкқәа Т-72Б3-и аакәылӡы транспартиорқәа БТР-82А-и рыла 150-километра иҟаз амҩа иахысит апалигонқәа "Ҵабал"-и "Нагвалоу"-и рҟны. Уи адагьы урҭ еиуеиԥшым ахысрақәа мҩаԥыргоит РПГ-7, АК-74, БТР-82АМ, 120-миллиметра иҟоу аминамиотқәеи 122-миллиметра иҟоу артиллериатә гаубицақәеи егьырҭ абџьархкқәеи рыла", ҳәа аҳәоит Арратә округ апресс-маҵзура ашәҟәаҟны.

Иара убасгьы азшьақәа рырҭараны иҟоуп зхысра уадаҩу аҭыԥқәеи амҩақәеи рҟны арратә штаттә техника арныҟәцарази аԥшыхәрақәа рымҩаԥгарази.

Апресс-маҵзура аиҳабы Виктор Астафьев иажәақәа рыла аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 500-ҩык инарзынаԥшуа Урыстәылатәии Аԥснытәии аррамаҵзурауаа, ахархәара рыҭан 100 инареиҳаны арратә техника, ҳаамҭазтәи акәылӡтәи техника БТР-82М, аԥшыхәратә машьынақәа "Дозор", аимадара амашьынақәа уҳәа абрахь иналаҵаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0