"Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа" ацхыраара руеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАкция "Послов доброй воли"
Акция Послов доброй воли - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москва аԥсуа диаспора иаԥырҵаз "Аԥсны Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа" агәабзиарахьчареи, аҵареи аспорти русхк аҟны агуманитартә проектқәа мҩаԥыргоит.

АҞӘА, цәыббра 20– Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Москва аԥсуа диаспора иаԥырҵаз "Аԥсны Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа" агәабзиарахьчареи, аҵареи аспорти русхк аҟны агуманитартә проектқәа мҩаԥыргоит. Ахаша, цәыббра 20 рзы дара ацхыраара азыҟарҵеит Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа.

Камма Гоԥиаԥҳаи Илона Арӡынԥҳаи ахәышәтәырҭа анапхгара ирырҭеит амедицинатә усҳәарҭаҿ аҭааҩцәа хәыҷқәа рыҟазаара зырманшәалаша амыругақәа.

"Ҳара аҳақьымцәа ҳразҵааит, еиҳа ишәҭаххари ҳәа. Асиа иҳарҭаз ианын еиҳа изызгәаҟуаз", — лҳәоит Гоԥиаԥҳа.

Ацҳаражәҳәаҩцәа арахь иааргеит аинголиаторқәа, аиарамаҭәа, аелектронтә капангақәа, арԥхагақәа, ачаиныкьқәа, алашарбагақәа уҳәа ирацәаны амедицинаҿ ихәарҭоу амаҭәарқәа.

Илона Арӡынԥҳа аиҿкаараҿ амедицинатә хырхарҭа напхгара алҭоит. Лара иазгәалҭеит дара рҿырԥшы Аԥсны атәылауаа рзы аԥшьгарак еиԥшхап ҳәа  дышгәыӷуа.

"Ари ахәышәтәырҭаҟны аус руеит зҟазара ҳараку аперсонал, аха урҭ русуратә ҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, аамҭа иақәшәо иҟам. Сгәы иаанагоит хаар имгакәа  апроблема шьаҭанкыла иӡбахоит ҳәа", — лҳәеит Арӡынԥҳа.

Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Лиана Емхааԥҳа Ацҳаражәҳәаҩцәа иҭабуп ҳәа ралҳәеит.

"Даара акыр иҳахәарҭахашаз амаҭәарқәа ҳзаажәгеит. Урҭ ара ахәыҷқәа рыҟазаара акыр идырманшәалоит",  - лҳәеит лара.

Москва аԥсуа диаспора иаԥырҵаз «Аԥсны Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа» агәабзиарахьчареи, аҵареи аспорти русхк аҟны агуманитартә проектқәа мҩаԥыргоит.


Ажәабжьқәа зегьы
0