Аладатәи арратә округ аруаа Аиааира апарад иалахәхоит

© Sputnik Томас Тхайцук7-ая Российская военная база.
7-ая Российская военная база. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аладатәи арратә округ амаҵурауаа Аиааира апарад иалахәхоит. Зынӡа агәырӷьаратә уснагӡатәрхы аладырхәуеит Аладатәи арратә округ амаҵурауаа 150-ҩык инарзынаԥшуа.

АҞӘА, цәыббра 21— Sputnik. Цәыббра 30 рзы Аҟәа имҩаԥысуа Аԥсны ахьыԥшымра 24-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә парад аан Аԥснытәи аруаа ирыцны ацәаҳәа иқәсуеит Аладатәи арратә округ аколлонақәеи, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәеи. Абри атәы аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Зынӡа агәырӷьаратә уснагӡатә рхы аладырхәуеит Аладатәи арратә округ 150-ҩык инарзынаԥшуа аруаа.

"Аиааира амш аҽны Аҟәа, апарад рхы аладырхәуеит Аладатәи арратә округ еизаку аротақәеи, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак Аҳәаахьчаратә усбарҭа амаҵурауаа, иара убас Аԥсны Атәылахьчара аминистрра архәҭақәа", — аҳәоит адырраҭара.

Аруаа аҽазыҟаҵарақәа хацдыркит.

Цәыббра 30 1993 шықәса рзы Аԥсны ахы-аҵыхәа зегьы Қырҭтәыла ар рҟынтәи ахы иақәиҭтәын. Ахьыԥшымра амш аҽны Аҟәа ақалақь аԥшаҳәаҟны имҩаԥгахоит апарад, аныҳәатә неиааирақәа, аныҳәатә салиути.

Нанҳәа 14 1992 шықәса рзы Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар Аԥсны аҵакыра иалалеит. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра 13-мзы инарзынаԥшуа ицон.

Ажәабжьқәа зегьы
0