Аҟәатәи ахшазауад аусура хацнаркит

© Sputnik Анжелика БенияМинистр экономики Абхазии Адгур Ардзинба на открытии Сухумского молочного завода
Министр экономики Абхазии Адгур Ардзинба на открытии Сухумского молочного завода - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба ажурналистцәа рзы ахш зауад аҩныҵҟа аекскурсиа мҩаԥигеит.

АҞӘА, цәыббра 22– Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Аҟәатәи ахшазауад аусура хацнаркит, ареспубликатә џьырмыкьаҿгьы ахатә ҭыԥ ылнахит, иҳәеит Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

"Ҳаалыҵ аҭира иалагахьеит. Аамзы инарзынаԥшуа аҽазыҟаҵарақәа ҳарҿын ҳаамҭа иақәшәо аалыҵ хаҭабзиа аҭыжьра ҳҭахын. Ԥхьаҟа аҽырҭбаара ҳагәҭакуп. Аекспорт ахь ҳцәырҵырц ауп. Макьаназы аҩныҵҟатәи аџьырмыкьа ҳнапахьы аагара ҳаҿуп", — иҳәеит Арӡынба.

Аекономика аминистр имӡакәа иҳәеит — азауад аҟны иҭрыжьуа ахарҵәы шааихәо, ишигәаԥхо, ааԥхьарагьы ҟаиҵеит аҭыԥантәи анаплакҩы адгылара иҭатәуп ҳәа.

"Аҳәынҭқарра атәыла аекономика аҿиара активла иалахәызароуп. Усоуп егьырҭ атәылақәа рҿгьы ишыҟоу", — азгәаиҭеит аминистр.

2013 шықәса рзы анаплакы аиҭашьақәыргылара мҩаԥган Урыстәылатәи Афедерациа афинанстә цхыраарала. Шықәсқәак рнеиҩс еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны азауад аркын.

"2013 шықәса рзы 118 миллион мааҭ аԥара анаплакы аиҭашьақәыргылара иахҭынҵан. Амыругақәа аахәан. Ҵыԥх ҳара уи инвестициатә проектны ихацҳаркит. 20 миллион мааҭ ақәҵан", — иҳәеит иара.

Арӡынба иажәақәа рыла иахьатәи аамҭазы иныхуп 11 миллион мааҭ аԥара.

Ахшзауад аҟны апрофессионалцәа разымхара аҭыԥ амоуп, иҳәеит азауад адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Алиас Думаа. Анаплакы аҿы аус зуа аҿар реиҳараҩык аҳәаанырцәтәи аҟазауаа ааны аҵара ддырҵон, рдыррақәа рымардон.

Макьаназы азауад аҟны иҭрыжьуа ахарҵәи аԥышәҭрықьи роуп. Думаа иажәақәа рыла дара иргәиҭоуп акьифир аҭыжьра.

Азауад атехнолог хада Арноу Ҳашба иажәақәа рыла аалыҵ Беларуссиантәи иааргоит. Уи ахаҭабзиара акыр иҳаракуп.

Анаплакы аҟны ацқьара азхьаԥшра ду амоуп, аусуҩцәа зегьы адизинфекциа иахрыжьуеит. Алабараториа ҷыдаҿы амикробиологиа гәарҭоит, лҳәоит алабараториа аиҳабы Амина Амҷԥҳа.

Лара лажәақәа рыла аалыҵ аҟәша хадахьы инарышьҭаанӡа алабараториатә гәаҭара иахрыжьуеит.

Аҟәатәи ахш зауад ргылан ииасыз ашәышықәсазы. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа 60 инареиҳаны ахшлыҵ ҭнажьуан. Аибашьра ашьҭахь азауад изныкымкәа аалыҵ аҭыжьра иалагахьан, аха нас уи аанкылахон амыругақәа ражәра иахҟьаны.

Аԥсны асоциал-економикатә рҿиаразы акомплекстә план аҳәаақәа ирҭагӡаны 2013 шықәса рзы азауад акапиталтә ремонт азуын.

Ажәабжьқәа зегьы
0