Дбар: Ҭырқәтәыла иҟоу ҳџьынџьуаа еснагь аԥсуа жәлари дареи еимадоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Дбар
Беслан Дбар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арепатриациазы аҳәынҭқарратә хеилак аҿы имҩаԥысит аиԥылара Ҭырқәтәыла иҟоу ҳџьынџьуаа рхаҭарнакцәа алархәны. Асасцәа Аԥсныҟа раара адҳәалоуп ҳтәылаҿы Аиааира амш ныҳәа азгәаҭара.

Аҟәа, цәыббра 25- Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Ҭырқәтәыла иҟоу ҳџьынџьуаа еснагь аԥсуа жәлар рааигәа иҟоуп, азгәеиҭеит арепатриациазы Аҳәынҭқарратә еилакы Беслан Дбар аиԥылараҿы.

"Аиааира амш ныҳәа аламҭалаз шәаара, аԥсадгьыл ахь иҟоу аимадара арӷәӷәоит – иҳәеит Дбар, ҳџьынџьуаа рахь ихы рханы. Ари аныҳәа иашьашәалоу Аԥсны Урыстәыла ахьыԥшымра аназханаҵа амш ауп. Агәра згоит Европеи Америкеи ҳаназхарҵаша аамҭагьы шыҟало. Хашҭра рықәым Аԥсны ахақәиҭраз иҭахаз зегьы, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Ҭырқәтәылантәи иааз ҳџьынџьуаа. Дара ирыбзоураны иахьа иҳамоуп алшара, абас еиԥш аиԥыларақәа рымҩаԥгара".

Ҭырқәтәыла иҟоу Кавказ ажәларқәа рфедерациа ахантәаҩы Ерол Ҭаимез иазгәаиҭеит, аԥсуа диаспора еиуеиԥшым ҭырқәтәылатәи ахеилакқәа рҿы аиҿцәажәарақәа шымҩаԥырго, Аԥсны аӡбахә шеиҭарҳәо.

Беслан Дбар - Sputnik Аҧсны
Дбар: қыҭа дуӡӡак дзырҭәааша зыԥсадгьыл ашҟа игьежьыз ҳџьынџьуаа ыҟоуп

"Ҭырқәтәыла макьана ҳахьазханамҵац иаанагом, ҳрыздыруам ҳәа, —иҳәеит Ҭаимез – Кавказ ажәларқәа рфедерациа еиҿнакаауеит еиуеиԥшым аумҩаԥгатәқәа, аконференциақәа. Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рызхаҵара азҵаара ықәҳаргылоит аиԥыларақәа рҿы, аха еилаҳкаауеит уи макьана иҟамло шусу. Ҭырқәтәыла уажәыгьы Таивань азханамҵац, аха убри аан ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп".

Арепатриациазы ахеилак ахантәаҩы Беслан Дбар иҳәеит жьҭаара анҵәамҭазы арепатриациа еиуеиԥшым ауадаҩрақәа ирылацәажәарц аконференциа шеиҿыркаауа.

"Ҭырқәтәыла ари ахырхарҭала аҭҵаарақәа мҩаԥызго аҵарауаа ыҟазар, ааԥхьара раҳҭоит", — иҳәеит Дбар.

Ҭырқәтәыла иҟоу ҳџьынџьуаа Аԥсныҟа раара адҳәалоуп Аиааира амш ныҳәа азгәаҭара.

Ажәабжьқәа зегьы
0