Приднестровиатәи асасцәа Аԥсны аҳәааҿы ирԥылеит

© Фото : официальный сайт президента АбхазииОфициальная встреча делегации Приднестровской Молдавской Республики во главе с Президентом Вадимом Красносельским на государственной границе по реке Псоу
Официальная встреча делегации Приднестровской Молдавской Республики во главе с Президентом Вадимом Красносельским на государственной границе по реке Псоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика аделегациа, Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Ахада Вадим Красносельски зхадараҿы дыҟоу, рҽаладырхәраны иҟоуп Аиааира Амш иазку аныҳәатә уснагӡатәқәа.

АҞӘА, цәыббра 28 — Sputnik. Иахьа, Аԥсныи Урыстәылеи рҳәааҟны Приднестровиатәи аделегациа ирԥылеит Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба. Абри атәы аанацҳаит атәыла Ахада иофициалтә саит.

Вадим Красносельски Аԥсны даҭааит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьараҟны игаз аиааира 24 шықәса ахыҵра азгәаҭаразтәи ауснагӡатәқәа рылахәразы.

Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика аофициалтә хаҭарнак Гарри Кәпалба иазгәеиҭеит Аԥсни Приднестровиеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра анапы шаҵаҩхо, уи адагьы ақалақьқәа Гәдоуҭеи Дубоссары рыбжьара аиашьараз аиқәшаҳаҭрагьы анапы аҵаҩхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0