Амедицинатә ԥгаԥсазы Аиқәшаҳаҭра аратификациа азууп

© Sputnik / Николай Хижняк / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВакцинация от гриппа в Краснодаре
Вакцинация от гриппа в Краснодаре - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара аилатәара мҩаԥысит ашәахьа, жьҭаара 16 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 16– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба, Бадри Есиава. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара анапы зҵаҩу амедицинатә ԥгаԥсазы Аиқәшаҳаҭра аратификациа азыруит. Абри атәы аарыцҳауеит Sputnik акорреспондентцәа.

Аратификациазы Аиқәшаҳаҭра рыдигалеит Апарламент аҟны Аԥсны Ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба. Иара иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара абри аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын астратегиатә аиҩызара аԥҟарақәа рынагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аԥснытәи аган иауалԥшьоуп амедицинатә полисқәа рыҭара аиҿкаара, аполисқәа рыҭарҭатә ҭыԥқәа раԥҵара. Аиқәшаҳаҭра амчра аиуеит атәылақәа рыҩбагь рпарламентқәа адокумент аратификациа аназырулак ашьҭахь.

Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа иажәақәа рыла араионтә хәышәтәырҭақәа рҟны иаартхоит аполисқәа ахьрырҭало аҭыԥқәа.

Апарламентарицәа рабжьагарақәа рышьҭахь аминистр иҳәеит урҭ азхьаԥшра шрыҭахо. Адепутатцәа адокумент аратификациа зыруит ахыркәшаратә ԥхьарала.

Аԥсныи Урыстәылеи амедицинатә ԥгаԥсазы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит - Sputnik Аҧсны
Аԥсныи Урыстәылеи амедицинатә ԥгаԥсазы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

Аԥсны иахьаҵанакуа урыстәылатәи атәылауаҩра змоу зегьы ирыҭахоит хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥса аполиусқәа. Иара, Урыстәыла Ахада Владимир Путин Аԥсны иҟазаараа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиеи Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр Вероника Скворцовеи рнапы зҵаҩыз аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра инақәыршәаны аусура хацнаркуеит.

Иаиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа Краснодартәи атәылаҿацә иахьаҵанакуа иахәҭаны иҟоу амедицинатә цхыраара роулоит иҳәеит усҟан Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Вениамин Кондратьев.

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла иахьатәи аамҭазы аԥгаԥса роураны ишьақәыргылоуп 190 000-ҩык ауааԥсыра, 14 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа аламҵакәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0