Аԥсуа дизаинер лколлекциа ӡырылгеит

© Дмитрий БабушкинДизайнер Мадина Смыр на Sochi Fashion Week
Дизайнер Мадина Смыр на Sochi Fashion Week - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амода амчыбжь Sochi Fashion Week Шәача ақалақь аҟны имҩаԥысуеит жьҭаара 14 - 19 рзы. Аӡыргара иалахәуп ҿыц ицәырҵыз амоделиерцәа реиԥш еицырдыруагьы.

АҞӘА, жьҭаара 17 окт– Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аԥсуа дизаинер Мадина Смырԥҳа ахәылԥазтәи ацәамаҭәа аколлекциа цәырылгеит амода амчыбжь Sochi Fashion Week аҟны. Абри атәы ҳкорреспондент илзаалыцҳаит аколлекциа автор.

Адизаинер еиҭалҳәеит амода амчыбжь алахәразы азыҳәа шыҟалҵаз, лколлекциа аҿырԥшқәа ацҵаны. Абри ашьҭахь ааԥхьара шлырҭаз.

"Сара ахәылԥазтәи ацәамаҭәа аколлекциаҿы иазгәасҭеит аетникатә хырхарҭа. Амаҭәақәа зегьы иахьа-уаха иушәуҵо иреиуоуп. Ҳаамҭа иақәшәоит, аетникатә орнамент, аетникатә форма аҵубаауеит" ҳәа еиҭалҳәоит Мадина Смырԥҳа.

© Дмитрий БабушкинПоказ абхазского дизайнера Мадины Смыр на Sochi Fashion Week
Показ абхазского дизайнера Мадины Смыр на Sochi Fashion Week - Sputnik Аҧсны
Показ абхазского дизайнера Мадины Смыр на Sochi Fashion Week

Аколекциаҟны зынӡа 21 ҵкы ӡыргоуп. Ԥшшәахәыла аиқәаҵәа, аиаҵәа, апатырқал, ахьыԥшшәы рымоуп.

"Аба Дубаинтәи исзааит", — лҳәеит лара.

Sochi Fashion Week аҟны адизаинерцәа ҽаантәи асезон иаздырхиаз аколлекциақәа ддырбоит ахәаԥшцәа.

Мадина Смырԥҳа илҳәеит аколлекциа арбара ашьҭахь лколлекциа ҿыц аҟынтәи аҵкқәа шаархәаз. 2017 шықәсазы лара иаԥылҵеит аколлекциақәа ԥшьба. Урҭ иреиҳаз ауп Шәача ицәырылгаз.

Амодельер илыгәҭакуп Москва имҩаԥысраны иҟоу амода ҳарак аҽалархәра.

© Дмитрий БабушкинПоказ абхазского дизайнера Мадины Смыр на Sochi Fashion Week
Показ абхазского дизайнера Мадины Смыр на Sochi Fashion Week - Sputnik Аҧсны
Показ абхазского дизайнера Мадины Смыр на Sochi Fashion Week

"Аидеиақәа рацәаны исымоуп. Сара сусумҭақәа рыла ахаарԥшра сылсыршарц сҭахуп. Сара сзы амода абизнес аасҭа ҟазараны ауп ишыҟоу", — лҳәоит лара.

Мадина Смырԥҳа адизаини атехнологиақәеи Москватәи руниверситет далгеит 2011 шықәсазы. Актәи лколлекциа аԥылҵеит 2010 шықәса рзы. Еиуеиԥшым аиндаҭларақәа дрылахәхахьеит, аԥхьахәқәагьы ланаршьахьеит.

Амодельер Мадины Смырԥҳа лнапкымҭа ныҟәыргоит: Хьыбла Герзмааԥҳа, Сати Казанова, Иулиана Караулова, Анастасиа Решетова, Анна Калашникова, Евелина Бледанс уҳәа ирацәаҩны.

Ажәабжьқәа зегьы
0