Аблоҭиа схы агәабзиара азеиӷьасшьоит, агәамч соур- "сцәаӷәалоит"

© Sputnik / Томас ТхайцукРежиссер Вячеслав Аблотия на церемонии вручения наград лауреатам премии им. Дмитрий Гуля в администрации президента
Режиссер Вячеслав Аблотия на церемонии вручения наград лауреатам премии им. Дмитрий Гуля в администрации президента - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 19 аҽны 75 шықәса ихыҵит акинорежиссер, асценарист, акиностудиа "Аԥсуа фильм" адиректор, Аԥсны Жәлар рартист, "Ахьӡ-аԥша" ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Виачеслав Аблоҭиа. Зфильмқәа зегьы бзиа еицырбо Виачеслав Андреи- иԥа имш иира аҽны арадио Sputnik иаиҭеит аинтервиу.

Sputnik, Альбина Жьиԥҳа

Виачеслва Аблоҭиа Sputnik арадио иаиҭаз аинтервиу шәазыӡарҩыр ҟалоит абра>>

- Виачеслав Андреи-иԥа шәгәалаҟазаара шԥаҟоу?

— Сгәалаҟазаара бзиоуп, хәыҷы-хәыҷла аусура саҿуп, абыржәы афильм ҭыхны ҳалгеит, Лакрба иновеллақәа рыла. Уажәшьҭа дырбарада уаҳа ус аҭахымкәа иҟоуп. Аспонсорцәа амобилтә еимадара "А-мобаил" роуп, дара ианырҳәалак иӡыраҳгоит.

- Шәара занааҭла шәактиоруп, рольс инашәыгӡар ишәҭаху ҳәа акыр ыҟоума, мамзаргьы иарбан фильму иҭышәхырц ишәҭаху?

— Афильмқәа рацәаны иҭысхырц сҭахуп, аҭагылазаашьа соур, арольқәа усҟак срызгәаҟӡом, ахәмаррагьы сазгәышьуам, аиаша шәасҳәап. Асценариақәагьы сымоуп аидеиақәагьы сымоуп, убарҭ роуп иҭысхыр исҭаху.

- Ауаҩы имш иира аҽны ишьҭахьҟа дхьаԥшуеит, шәыԥсҭазаараҿы ишәыԥсахшаз ҳәа акыр ыҟоума?

— Мамоу, акымзаракгьы сҭахым,  сашьҭахьҟа саныԥшлакгьы избоит иҟасҵазгьы, исцәыбжьахазгьы, ус ахәҭазар акәхарын аԥсҭазаараҿы. Иҟасҵазгьы бзиоуп, аԥсахра сҭахӡам. Зны-зынла иҭысхыз афильмқәа срыхәаԥшуеит, абри са соума иҭызхыз, даҽаӡәы иаку ҳәа саахәыцлоит. 

Акиностудиа Аԥсуа фильм анапхгаҩы Виачеслав Аблоҭиа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аблоҭиа Миха Лакрба иновеллақәа ирызкны: ахшыҩрҵара еиҳауп, адраматургиа аасҭа

- Афильмқәа рҟынтә еиҳа иаалышәкаауа иарбан?

— Иҭысхыз зегьы рҟынтә, раԥхьатәи сфильм ауп зметраж маҷу "Ажәытә каруаҭ". Убри аҟара бзиа избо акгьы ыҟазам, аиашазы. Раԥхьатәи сусумҭа акалашәа иҟоуп, са сзы уи даара акраҵанакуеит

- Цитатала ажәлар ирылалаз "Анапыхьараџь" ауп. Sputnik аусзуҩцәа даара бзиа иаҳбоит, ҳфотокорреспондент Томас Ҭҳаицықә дааҳалалоит, ушԥаҟоу ҳәа ҳаниазҵаалак? – "Е-е-е иҽеиоу ҳәа акгьы ыҟам, Мсоураҭ!" – ҳәа, мамзаргьы –"здравствуй не знаешь свинья!" Иага уахәаԥшыргьы афильм, угәы ахшәаӡом.

— Уи иашоуп, иара сфильмқәа, мамзаргьы здублиаж ҟаҵоу амультфильмқәа цитатала еимырҵәоит. "Анапыхьараџь" уанахәаԥшуа еснагь иҿыцу ак убоит, ак цәырҵуеит, хәмаррала иҟаҵоуп, гәыкала. Иара афильм ҭыхны, амонтаж ҟаҵаны салгеит 1992 шықәса рзы, аибашьра алагамҭаз.

- Убра епизодк ыҟоуп, атеатр анаауа ақыҭахь, ауардын иақәҵан иааргоит ареквизит, џьара иануп "Сухум" ҳәа. Излашәылшеи ус, асовет аамҭазы?

— "Сухуми" ҳәа акәымзи ишыҟаз, азин ҳазҭодаз ус, аха уамашәа иубаша аӡәгьы акгьы ахыимҳәааит, "Сухум" ҳәа иҟасҵеит.

- Зегь реиҳа шәгәалаҟазаара шьҭызхуа арбан аԥсҭазаараҿы?

— Афильмқәа рҭыхра. Саналгалак, нас сҭыԥшшаӡа саанхоит, еиҭа исҭаххоит, уи ачымазара бааԥс иаҩызоуп.

- Уахыки ҽнаки рыбжьара шаҟа сааҭ аус жәуазе?

— Сара уахынлагьы аус зуеит, аҭыхра саҿызаргьы, адублиаж ҟасҵозаргьы, уахынлагьы убри сазхәыцуеит, схаҿы иаазгоит акадрқәа. Абыржәы ианҭысхуаз, афильм зегьы схаҿы еиқәыршәаны исыман. Абри абра иаҭыԥуп, абри абара иҟазароуп, абри абас иҳәароуп… Зегьы еиқәыршәаны, еихышәшәо ицарац иҟасҵахьан, ус ауп ишысдырҵаз. Ус иҟаумҵар, нас аҭыхра уаналагалак иуцәеилагоит, аамҭа рацәа агоит, уи анаҩс ахарџьгьы ианыԥшуеит.

- Амч, алшара шәызҭода аҭыхразы, ихадада шәа шәзы ахәаԥшҩы иаку, афильм аус адызуло иаку?

— Хымԥада ахәаԥшҩы. Абри афильм иҭаҳхыз хҩык еиуеиԥшым ауаа идсырбеит, ргәаанагара еилыскаарц. Раԥхьатәи акахьы дахнагеит, егьырҭ рылаӷырӡқәа аанагеит, ак сыҵазҳәазгьы дҟалеит. Уи ибзианы сазнеиуеит ҩаџьа-хҩык еицгәарҭаз агха, уи аус адулатәуп. Иара асоветтә аамҭазы иҭыху афильмқәа иреиԥшуп. Ахәаԥшцәа иргәаԥхароуп.

- Адунеизегьтәи аконимотограф аҿиашьа шԥажәбо?

— Иаҳхәап, абри мрагыларахьтәи аҳәынҭқаррақәа рҿы ҩажәа ҩажәижәаба студиа рымоуп, акино апропаганда ду амоуп, ауаа ахәаԥшуеит. Ари аҟазара еиԥш апропаганда ҟазҵо акгьы ыҟаӡам, асахьаҭыхрагьы уи алшом, ашәҟәгьы, избанзар акино уиҭаху- иуҭахым уахәаԥшуеит.

Аԥсуа режиссиор қәыԥшцәа. - Sputnik Аҧсны
Миха Лакрба ифырхацәа аекран аҟны идырбахоит

- Зегь реиҳа иарбан кино шәара иалышәкаауа, шәахәаԥшуама иара зынӡа афильмқәа?

— Хымԥада, афильм уԥсы унаршьоит, адетективқәа срыхәаԥшуеит, ахшыҩҵак аҳасабала акәымкәа, сахьаркырала. Зыҩаӡара ҳараку ҳәа сызхәаԥшуа аклассика ауп, жәантә раҟара сахәаԥшхьеит "Тихий Дон". Андреи Тарковски режиссиор дууп ҳәа дсыԥхьаӡоит. Герасимов, Данелиа, Тарковски – дара еиԥшӡам, аха асахьаркыратә ҳаракы змоу сахьаҭыхыҩцәоуп. "Тихий Дон" хынтә иҭырххьеит, аха Герасимов еиԥш аӡәгьы изыҟамҵац, аказакцәа рыԥсҭазаара убас ибзианы иаарԥшит… Бзиа избо фильмуп.

- Виачеслав Андреи-иԥа шәхы иазеиӷьашәшьои шәхаҭа?

— Агәабзиара ауп, егьыс агәамч сымазар сцәаӷон, ацәмаҭәагьы скуан.

Ажәабжьқәа зегьы
0