Аиакәыт спортхкы аҟны Аԥснытәи аделегациа алахәыла ахԥатәи аҭыԥ игеит

© Фото : Анастасия Бельская Мас-реслинг
Мас-реслинг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Астудентцәеи аҿари XIX Адунеизегьтәи рфестиваль мҩаԥысуеит Шәача ақалақь аҟны. Иара иалахәуп 180 тәыла рҟынтәи аделегациақәа.

АҞӘА, жьҭаара 19– Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аиакәыт милаҭтә спортхкы мас-рестлингаҟны Аԥснытәи аделегациа ахаҭарнак Ҭамаз Аблоҭиа ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзааицҳаит иара аспортсмен ихаҭа, Аолимпиатәи апарк аҟынтәи.

XIX Всемирный фестиваль молодежи и студентов. День первый - Sputnik Аҧсны
Шәача еизеит адунеи иреиӷьу аҿар

Аблоҭиа иажәақәа рыла аԥсуа делегациа алахәылацәа афестиваль еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҟны иқәгылоит, рхы аадырԥшуеит. Ареспублика ахаҭарнакцәа ирылахәуп ашьапылампылтә командагьы. Иара иҳәеит абри ақәгылара машәыршәа дшалахәхаз.

"Мас-реслинг атәы ансаҳа ашәҟәы сҽанысҵеит. Схы ԥысшәарц сыӡбеит. Ашьапылампыл асра бзиа избоит, атренажиортә зал ахь сныҟәалоит. Исылшо збап сҳәеит" ҳәа еиҭеиҳәоит Ҭамаз Аблоҭиа.

Аблоҭиа 90 кьыла рҟынӡа зкапануаз рыбжьара дықәгылон. Ԥшьынтә иқәгыларала хынтә даиааит.

"Аиндаҭлараҿы аиааира агаразы узеикануа ҩынтә уара уахь диаугароуп, мамзаргьы алаба импыҵужәароуп",— иҳәоит иара.

Астудентцәеи аҿари XIX Адунеизегьтәи рфестиваль мҩаԥысуеит Шәача ақалақь аҟны. Иара иалахәуп 180 тәыла рҟынтәи аделегациақәа. Афестиваль иалахәуп 50-ҩык Аԥснытәи аҿар.

Ажәабжьқәа зегьы
0