Амина Аншԥҳа еиҭах лықәҿиарақәа рыла ҳлыргәырӷьоит

© Foto / Ralf ReineckeАмина Аншба
Амина Аншба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Италиа имҩаԥысуа аԥқьаҭасраз атурнир ITF аԥхьатәи атурқәа ҩба рҟны Амина Аншԥҳа Италиеи Австралиеи рҟынтәи аспортсменцәа Татиана Пиерии Джулиа Грабахери ираԥылгеит.

АҞӘА, жьҭаара 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Италиа ақалақь Санта-Маргарита аҟны имҩаԥысуа аԥқьаҭасраз атурнир ITF аԥхьатәи атурқәа ҩба рҟны Амина Аншԥҳа Италиеи Австралиеи рҟынтәи аспортсменцәа Татиана Пиерии Джулиа Грабахери ираԥылгеит, ахԥатәи аикәшарахьгьы днеиит ҳәа Sputnik иазаалыцҳаит аспортсменка лан Емма Кортааԥҳа.

Атурнир атурқәа хәба рыла ишьақәыргылоуп. Раԥхьатәи аҩ-турк рҟны Амина Татиана Пиерии Джулиа Грабахери ираԥылгеит.

"Иахьа иуадаҩу ахәмарра мҩаԥысраны иҟоуп, аха Амина уи лҽазыҟаҵаны дыҟоуп. Амина уажәы аилазаара хада далахәуп" ҳәа еиҭалҳәоит Емма Кортааԥҳа.

Ахԥатәи атур аан Амина дландаҭлоит Словениатәи аспортсменка Полона Херцог. Полона Амина лаасҭа аа-шықәса деиҳабуп, иреиӷьӡоу аԥқьаҭасыҩцәа рреитинг аҿы 120-тәи аҭыԥ аанылкылоит.

Амина Аншба - Sputnik Аҧсны
Аншԥҳа: иреиӷьқәоу аԥқьаҭасҩцәа рхыԥхьаӡарахь саҵанакыр сҭахуп

Уаанӡа аԥсуа ԥқьаҭасыҩ Амина Аншԥҳа Анталиа имҩаԥысуаз аԥқьаҭасразы ITF акатегориа иатәыз аиндаҭлара далахәын, аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит. Иара мҩаԥысуан цәыббра 18 — 24 рзы Ҭырқәтәыла, Анталиа.

Амина Аншԥҳа 14 шықәса рҟынӡа зхыҵуаз рыбжьара 2013 шықәса рзы зегьы драԥхьагылан, Урыстәыла, Бельгиа, Германиа, Швеицариа, Узбекистан, Ҭырқәтәыла имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи атурнирқәа дрылахәын.

2016 шықәса рзы Европа ачемпионат аҿы 18 шықәса зхыҵуаз рыбжьара лҩызцәа ираԥылгеит. Уаанӡа 1995 шықәса рзы ираԥхьатәиу ҳәа атитул лыман Анна Курникова.

Амина дрылахәын: US Open (США), Roland Garros (Франциа) Wimbledon (Британиа ду).

Ажәабжьқәа зегьы
0