Барцыц: Аԥсны аекономикатә усуреи анапхгаратә принципқәеи аиҭакрақәа рҭахуп

© Sputnik / Томас ТхайцукОлег Барциц
Олег Барциц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 27 рзы Аҟәа ақалақь аҿы VIII Аԥсны – Урыстәылатәи аусутә форум мҩаҧысуеит. Афорум аиҿкааҩцәа – Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара Аминистрреи Аҧсны аекономика Аминистрреи.

АҞӘА, жьҭаара 27– Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны аекономикатә усуреи анапхгаратә принципқәеи аиҭакрақәа рҭахны иҟоуп иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Ахәаахәҭратә хаҭарнак Олег Барцыц VIII Аԥсны – Урыстәылатәи аусутә форум аҟны ҳәа аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит ҳкорреспондент.

"Апринципқәа: аус адырра, аҭакԥхықәра, ахыркәшаратә лҵшәа абарҭ роуп", — иҳәеит иара.

VIII Абхазо-российский деловой форум - Sputnik Аҧсны
Аԥсны–Урыстәылатәи аусутә форум аҟны раԥхьатәи аиқәшаҳаҭрақәа анапы рыҵаҩуп

Асеиԥш иҟоу азнеишьа иаҿырԥшны Барцыц аӡбахә иҳәеит Москва Аԥсны Ахәаахәҭратә ҩны аартра. Уи алыршахеит Аԥсны Ахәаахәҭратә хаҭарнакреи Евразиатәи аусутә еидгылеи рнапы зҵарҩыз аусеицуразы аиқәшаҳаҭра ахархәарала.

Олег Барцыц иазгәеиҭеит абри апроект ишалҵшәахо Аԥсны агроааглыхыҩцәеи анаплакыҩцәеи раалыҵ Евразиатәи аусутә еидгыла аусура ахьымҩаԥнаго аплошьчадкақәа рҟны ацәыргара.

Урыстәыла-Аԥснытәи аусутә еидгыла анапхгаҩы Андреи Сергеев апленартә еилатәараҿ иазгәеиҭеит VIII Аԥсны – Урыстәылатәи аусутә форум аламҭалазы "МИА Россия сегодня" аҟны ишӡыргаз Москва Аԥсны Ахәаахәҭратә ҩны аартра апроект.

"Аҵак ду амоуп Аԥсны анапхгареи абизнес еилазаареи еиԥшны реицхәыцра, ареспублика аинфраструктура аҿиаразы урыстәылатәи аинвистициақәа рааԥхьара амҩаԥгара. Аҳәынҭқарра аламырхәыкәа имҩаԥысуа апроцессқәа рацәак хра рыманы изыҟалом", — иҳәеит иара.

Жьҭаара 27 рзы Аҟәа ақалақь аҿы VIII Аԥсны – Урыстәылатәи аусутә форум мҩаҧысуеит. Афорум аиҿкааҩцәа – Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара Аминистрреи Аҧсны аекономика Аминистрреи.

Ажәабжьқәа зегьы
0