Аԥсуа-абаза жәлар Аԥсныҟа рырхынҳәра иазку аконференциа Аҟәа имҩаԥысуеит

© Sputnik Бадрак Авидзба Государственный комитет по репатриации
Государственный комитет по репатриации - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аконференциа аҟны ирылацәажәоит аԥсуа-абаза жәлар Аԥсныҟа рырхынҳәра иадҳәалоу азҵаарақәа.

АҞӘА, абҵара 1 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Актәи Жәларбжьаратәи азеиԥш милаҭтә-ҭҵаарадырратә конференциа "Аԥсуа-абаза жәлар рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәра апроблемақәа" мҩаԥысуеит Аҟәа.

"Ари аидеиа рызцәырҵит Аԥсуаҭҵааратә институти Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилаки. Аконференциа ҩымш имҩаԥысуеит", — лҳәеит Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.

Зҵаара хаданы аконференциа аҟны иқәгылоуп ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы амҩақәа рыԥшаара, азгәалҭеит уи.

"Ақәгылаҩцәа рыбжьара иҟоуп Голландиа, Шәамтәыла, Ҭырқәтәыла, Урыстәыла уҳәа рҟынтәи ҳџьынџьуаа. Иааидкыланы аконференциа аҟны ажәахәқәа ҩажәа ирыԥхьоит", — лҳәеит Џьыкырԥҳа.

Аконференица аҟны иқәгыло иазгәарҭоит Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы астатус шышьҭыхтәу, азгәалҭеит лара.

Беслан Дбар - Sputnik Аҧсны
Дбар: Ҭырқәтәыла иҟоу ҳџьынџьуаа еснагь аԥсуа жәлари дареи еимадоуп

"Уи адагьы урҭ ирҳәоит арепатриациазы апрограмма ыҟазарц шахәҭоу", — лҳәеит Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.

Џьыкырԥҳа лажәақәа рыла, ажәахәқәа рҟны азҿлымҳара шамоу ҳџьынџьуаа ахьынхо аҭыԥқәа рҟны аусура шеиӷьтәу, зыԥсадгьыл ахь ихынҳәырц зҭаху рсиақәа шьақәыргыланы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа шаԥҵатәу урҭ Аԥсны рнырхаразы.

© Sputnik Бадрак АвидзбаГосударственный комитет по репатриации
Государственный комитет по репатриации  - Sputnik Аҧсны
Государственный комитет по репатриации

Аконференциа еиҿыркааит Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, Кавказ ҭҵаара жәларбжьаратәи ацентр, Ҭырқәтәыла еиҿкаау аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа, Жәларбжьаратәи афонд "Аԥсны", Жәларбжьаратәи аԥсуа-абаза конгресс, Арегион бжьаратә еиҿкаара "Адгылара".


Ажәабжьқәа зегьы
0