Аԥсуа каратистцәа Москвантәи ахьы рыманы ихынҳәит

© Фото : instagram: nanuli59 Каратэ
Каратэ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москва, абҵара 4-5 рзы имҩаԥысуаз косики карате азы Адунеи ачемпионат иалахәын 35 тәыла рҟынтәи аспортсменцәа 1500-ҩык.

АҞӘА, абҵара 7– Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Иреиӷьӡақәаз аспортсменцәа ахьеиндаҭлоз аҟынтәи Аԥснытәи аспортсменцәа Аԥсныҟа иааргеит ахьтәы медалқәа ҩба, разны медалк, аџьазлыхқәа х-медалк. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзаалыцҳаит Аԥсны аҿари аспорти рзы Аҳәынҭеилакы аҟазауаҩ Ирина Гогьиаԥҳа.

"Анри Адлеиба 13-14 шықәса зхыҵуа, зыкапан 45 кьыла рҟынӡа инаӡо рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит, Ходжаиан Ерик иакәзаргьы адунеи дачемпионуп, 8-9 шықәса зхыҵуа, 50 кьыла рҟынӡа зыкапан ыҟоу аспортсменцәа рыгәҭа. Аӡӷабцәа рыбжьара 10 шықәса зхыҵуа, зыкапан 35 кьыл рҟынӡа инаӡо рахьтә аразны медал ланашьахеит Софиа Аҩӡыԥҳа", — ҳәа еиҭалҳәоит Софиа Гогьиаԥҳа.

Юниоры Абхазии на первенстве по карате - Sputnik Аҧсны
Ҳҿар еиҭахгьы аԥхьахәқәа рыманы иаҳзыхынҳәит

Акомандатә еиндаҭлараҿы ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит Кирилл Паҷкориа, Ерик Ходжаиан, Дамир Лашәриа.

Косики карате азы Адунеи ачемпионат IKKF 2017 мҩаԥысуан абҵара 4-5 рзы, Москва, "Динамо" аспорт хан аҿы.

Москва, абҵара 4-5 рзы имҩаԥысуаз косики карате азы Адунеи ачемпионат иалахәын 35 тәыла рҟынтәи аспортсменцәа 1500-ҩык.

Урҭ рыгәҭа аԥсуа бираҟ иаҵагыланы иқәгылеит 11-ҩык Аԥснытәи аспортсменцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0