Мусса Екзеков ихьӡ зху атурнир мҩаԥысит Гәдоуҭа

© Фото : Аида ХонелияТурнир по вольной борьбе имени Муссы Экзекова прошел в Гудауте
Турнир по вольной борьбе имени Муссы Экзекова прошел в Гудауте - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аорден Ахьӡ-аԥша II аҩаӡара занашьоу, амеценат Мусса Екзеков ихьӡ зху зхы иақәиҭу ақәԥаразы VI Жәларбжьаратәи атурнир еизнагеит шәҩык рҟынӡа аспортсменцәа.

АҞӘА, абҵара 13– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Жәларбжьаратәи атурнир мҩаԥысуан абҵара 9 — 10 рзы Гәдоуҭатәи ахәыҷтәы спорттә школ аҟны ҳәа Sputnik акорреспондент изааицҳаит Аԥсны зхы иақәиҭу ақәԥаразы Афедерациа аиҳабы, аспорттә клуб "Абаза" адиректор Леонид Боџьгуа.

"Атурнир иалахәын еиуеиԥшым акапанқәа рҟны Адунеии Европеи рчемпионцәа", — иҳәеит Леонид Боџьгуа.

Вольная борьба - Sputnik Аҧсны
Рашь Хәытаба ихьӡ зху ақәԥаразы аицлабрақәа Гәдоуҭа имҩаԥысит

Мусса Екзеков ихьӡ зху атурнир иалахәын 14 — 17 шықәса зхыҵуа аспортсменцәа.

"Акомандатә қәгылараҟны атурнир аҿы аиааира ргеит Аԥснытәи акоманда", — иҳәеит Леонид Боџьгуа.

Иара иажәақәа рыла иахьатәи аамҭазы зхы иақәиҭу ақәԥара иалахәуп Аԥснытәи ахәыҷқәа зықьҩык инарзынаԥшуа.

Мусса Екзеков ихьӡ зху зхы иақәиҭу ақәԥаразы атурнир фынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи. Есышықәса иара рхы аладырхәуеит Ҟабарда-Балкариа, Ҟарачы-Черқьесск, Чечниа, Даӷьесҭан ареспубликақәа, Краснодартәи атәылаҿацә, Ростовтәи аобласт уҳәа рҟынтәи аспортсменцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0