Ақыҭанхамҩа аминистрра: 16 000 тонна рҟынӡа ацитрустә ҽаҩра ҳазыԥшуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСбор мандаринов.
Сбор мандаринов. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрра агроном хада Ҭеваз Ачба Sputnik иазеиҭеиҳәеит сынтәатәи ашықәс азы ацитрустә ҽаҩра алаҟәра зыхҟьаз атәы.

АҞӘА, абҵара 14– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 2017 шықәса рзы 16 000 тонна рҟынӡа ацитрустә ҽаҩра ҳазыԥшуп иҳәеит Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәоз Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрра агроном хада Ҭеваз Ачба.

Арахь иаҵанакуеит аҳәынҭқарратә плантациақәа рҽаҩреиԥш ахатәы нхамҩақәа ирҭыргараны иҟоу аҽаҩрагьы.

"Ииасыз ашықәс азы ҳаззыԥшыз 30 000 тонна ракәын. Усҟан аҳәаа иахыргеит 27 000 тонна ацитрус шәыр. Ҳәарада, еизырго аҽаҩра зегьы аҭиратә ԥшра аманы изыҟалом", — иҳәеит иара.

Иагьазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи ҩышықәса-хышықәса иҭаргало аҽаҩра акыр ишылаҟәыз.

"Ҵыԥх ахьҭа ҳԥырхагахеит, сынтәа – амармалташь пты. Аиҳаракгьы ареспублика мрагыларатәи аххәҭаҿы аԥхасҭа рацәоуп", — иҳәеит Ачба.

Уи адагьы агроном хада ишиҳәаз ала 50-тәи, 60-тәи ашықәсқәа рзы иеиҭарҳаз ацитрус ҵлақәа уажәшьҭа иажәит, раалыҵгьы акыр илаҟәит.

Аҽаҩра аганахь ала ацәыӡ ҳмоурц азы зеиҭаҳара азыԥхьагәаҭоу аҵлақәа рхыԥхьаӡара акыр еиҵоуп иахьазы иҟоу раасҭа иҳәеит Ҭеваз Ачба.

Ажәабжьқәа зегьы
0