Аруаа "аӷа ииҟьышьыз" аҭыԥқәа дрыцқьеит

© Sputnik / Георгий Зимарев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРоссийские военнослужащие ЮВО в Абхазии в ходе тренировки преодолели свыше 20 км зараженных участков местности
Российские военнослужащие ЮВО в Абхазии в ходе тренировки преодолели свыше 20 км зараженных участков местности - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зықьҩык инарзынаԥшуа Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа арадиациеи, ахимиеи, абиологиеи ҽацәыхьчаратә зыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит.

АҞӘА, абҵара 15 — Sputnik. Мышктәи аҽазыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны зықьҩык инарзынаԥшуа Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа арадиациеи, ахимиеи, абиологиеи ҽацәыхьчаратә зыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит, 20 километра инарзынаԥшуа "иҟьышьыз аҭыԥқәа" ирхысит ҳәа ааицҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы аполковник Вадим Астафьев.

"Ауснагӡатә амҩаԥгараан, аполигонқәа Гәдоуҭа, Ҵабал, Нагвалоу рҟны аррамаҵзурауаа рхы иадырхәон ҳаамҭазтәи агазҽацәыхьчагақәа ПМК, аҽыхьчагатә костиумқәа. Аррамаҵзурауаа рзы шьыжьы инаркны иаахәлаанӡа аамҭа мҩаԥысуан "аӷа" массала анырҵәагатә бџьар ихы иаирхәоны. Абри азы ахархәара рыҭан алҩашьҭыгақәа", — иҳәеит Астафьев.

Аҽазыҟаҵарақәа раан аррамаҵзурауаа 50-ҩык рҟынӡа "иҟьышьыз" абџьари арратә техникеи аус рыдырулеит.

Иаку амшқәа рымҩаԥгара хықәкны иамоуп аӷа массала анырҵәагатә бџьар ихархәараан иаразнакы аҭак иҭареи ахыхьчареи.

Ажәабжьқәа зегьы
0