Аҭаҭын ахара "уацәзыршәо асахьақәа" анызароуп аҭаҭынҭра

© Sputnik / Игорь Зарембо / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПродажа сигарет с картинками, предупреждающими о вреде курения
Продажа сигарет с картинками, предупреждающими о вреде курения - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларра аҭаҭын ахара ахҟьа-ԥҟьақәа рызхьарԥшразы, есышықәса, абҵара ахԥатәи аԥшьашазы иазгәарҭоит аҭҭын ахара мап ацәкра адунеизегьтәи Амш. Сынтәа иара абҵара 16 иақәшәеит.

АҞӘА, абҵара 16— Sputnik. Аҳазалхратә еидгыла аҭаҭын аалыҵ азы атехникатә регламент амчра аиуит абҵара 15 рзы. Уи инақәыршәаны аҭаҭынҭрақәа рҟны "узыршәаша асахьақәа" ыҟамкәа рҭыжьра азин ыҟам. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Арегламент инақәыршәаны аҭаҭынҭра ацәаҿы асахьа анызароуп мамзаргьы аҩныҵҟа аҭаҭынаахара агәабзиаразы ишшәарҭоу атәы зҳәо ақьаад ҭазароуп.

Аҭрақәа рҿы аҭаҭын ахара иахҟьаны ичмазаҩхо ауаҩытәыҩса ицәа-ижьы асахьа анырҵоит. Убри аан аҵарауаа ргәаанагарала реиҳа угәы зымкуа аԥшшәы ахархәара аиуеит. Аҭаҭын ахара шшәарҭоу атәы зҳәо аҩыра акәзар, аҭра абжаратә ҭыԥ ааннакылароуп.

Аҭаҭынҭрақәа рцәаҿы ушьҭарнахыс иҟалом ихаау, хра змоу акы алацәажәаратә ҩыра анҵара.

Арегламент аусура иалагаанӡа иҭыжьыз аалыҵ аҭираҿ иҟоуп. Урҭ ахархәара рымоуп аалыҵ зегьы рҭиаанӡа. Аҿыцрақәа ирыҵаркуеит Аҳазалхратә еидгыла иалоу атәылақәа зегьы, Ермантәыла ада. Уаҟа аиҭасратә ҿҳәара 2018 шықәса рҟынӡа иацҵоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0