Давид Гәынба Шәачатәи асанаториақәа руак ҳақьым хадас дҟаҵоуп

© Фото : Кубань24Давид Гунба
Давид Гунба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Давид Гәынба Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрс дыҟан 2014 шықәса, жьҭаара 15-28 рзы.

АҞӘА, абҵара 17– Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны уаанӡатәи Агәабзиарахьчара аминистрс иҟаз Давид Гәынба Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра иатәу асанаториа "Юность" аҳақьым хада инапынҵақәа неигӡоит. Абри атәы аанацҳаит Краснодартәи атәылаҿацә Агәабзиарахьчара аофициалтә саит.

"Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр Вероника Скворцова лнапы зҵалҩыз Адҵа инақәыршәаны Краснодартәи атәылаҿацә Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Давид Гәынба Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра иатәу асанаториа "Юность" аҳақьым хада инапынҵақәа неигӡалоит", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Ари азҵаара аӡбра аҭан Афедералтә министрраҟны мызқәак раԥхьа, Адҵа анапы аҵаҩын 2017 шықәса абҵара 14 рзы.

Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Идҵала Давид Гәынба Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрс дыҟан 2014 шықәсазы, жьҭаара 15-28 рзы.

Иара убасгьы Краснодартәи атәылаҿацә агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩыс дыҟан 2014 шықәса цәыббрамза инаркны.

Ажәабжьқәа зегьы
0