"Ты супер!" алахәылацәа "Добрая волна" аҟны еиқәшәеит

Культурно-благотворительный фестиваль "Добрая волна"
Культурно-благотворительный фестиваль Добрая волна - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зылшарақәа ԥку ахәыҷқәеи авокалтә еицлабра "Ты супер!" афиналистцәеи еиԥылеит Татарстан, Урыстәылазегьтәи акультура-гәыҳалалратә фестиваль ҿыц "Добрая волна" аартраан.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. "Ты супер!"афиналистцәа Валериа Адлеиаԥҳа, Евгени Боицов, Кирилл Есин Урыстәылазегьтәи акультура-гәыҳалалратә фестиваль ҿыц "Добрая волна" аартраан еиқәшәеит.

Агәыҳалалратә фестиваль ҿыц аҟны рхы аадырԥшуан зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа. Артистцәа қәыԥшқәа урыстәылатәи аестрада ашәаҳәаҩцәа нагақәа ашәа рыцырҳәон. Афестиваль акыр угәы арцых-цыхыртә еиԥш еиҿкаан лҳәеит "Ты супер!" афиналист Валериа Адлеиаԥҳа.

Ты супер! Танцы - Sputnik Аҧсны
Валериа Адлеиԥҳа адгылара илҭоит "Ты супер!Танцы" алахәыла Леон Қапба

"Игор Крутои имузыкатә Академиа ацхыраарала ихацыркын Урыстәылазегьтәи акультура-гәыҳалалратә фестиваль ҿыц "Добрая волна". саргьы уахь анаԥхьара соуит. Абри афестиваль аҟыбаҩ ҷыда злоу, аха зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа рзы хы-аарԥшырҭахеит", — лҳәеит Лера.

Валериа лиааира ашьҭахь авокал азы лырҵаҩы Фаиа Мархолиаԥҳа аус лыцылуеит. Афестиваль "Добрая волна" ашҟа ааԥхьара анлоу, Валериа лырҵаҩи лареи аиҿкааҩцәа ирзырышьҭит аконцерт аҟны иналыгӡарц лгәы ззыҳәоз ашәақәа рсиа.

Аиҿкааҩцәа уи асиаҟынтә иалырхит Полина Гагарина лашәа "Где-то живет любовь". Валериа ари ашәа уаанӡа иналмыгӡацызт. Афестиваль ахь инаԥхьан еицырдыруа ашәаҳәаҩцәа. Валериа еиҭалҳәеит уажәы Москва дшыҟоу, лаԥхьаҟа апроект ҿыцқәа шылзыԥшу.

"Апроект "Ты супер!" ашьҭахь сара иныҭкааны авокал аус адызуло салагеит. Сырҵаҩи сареи сыгхақәа маҷымкәа иҳариашахьеит. Макьана исзымдыруа акыр ирацәоуп. Уажәы сара асольфеджио ахь аныҟәара салагеит, амузыкатә школ ахь сныҟәоит. Еиуеиԥшым апроектқәа сҽырзыҟасҵоит, иазсырхиоит ашықәсҿыцазтәи аныҳәа", — лҳәоит Валериа Адлеиаԥҳа.

Апродиусер Игор Крутои напхгаар зиҭо афестиваль "Добрая волна" хацыркын абҵара 30 рзы Татарстан, апроект "Добрая Казань" аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0