Апарламент аҟны ахәыԥсацҵазы ашәахтә азакәан аиҭахәаԥшраз аусутә гәыԥ аԥырҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаседание парламента
Заседание парламента - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар реизара-Апарламент адепутатцәа ахаша, ажьырныҳәа 17 рзы анаплакыҩцәа ирԥылеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 17– Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны жәлар реизара адепутатцәа, НДС азы Азакәан аԥсахрақәа алагаларазы аусуратә гәыԥ алахәылацәа ахаша, ажьырныҳәа 17 рзы анаплакыҩцәа ирԥылеит. Абри атәы аалыцҳаит адепутат Натали Смырԥҳа.

"Аусуратә гәыԥ иалахәхоит Апарламент адепутатцәа реиԥш ашәахтә маҵзура аусзуҩцәа, Аекономика, афинансқәа рминистррақәа рхаҭарнакцәа, аҳазалхратә Еилакы ахаҭарнакцәа, атәыла анаплакыҩцәа", — лҳәеит Смырԥҳа.

Лара иара убасгьы илҳәеит НДС азы Азакәан Аԥсны абизнес-еилазааразы ауадаҩрақәа шаԥнаҵаз. 2017 шықәса ажьҭаарамзазы Азакәан ишахәҭоу еиԥш аиҿкаара ахьамамыз азы атәыла абиуџьет 188 миллион мааҭ шаланамгалаз. Иара убри аан лара иазгәалҭеит НДС азы Азакәан атәыла ахашәала азҭо азакәанқәа ишреиуоу.

Аԥсны анаплакыҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы Роман Качараа игәаанагарала азакәан ишахәҭаз еиԥш аус азымуит, иааинырсланы ирыдкылаз закәанхеит.

"НДС азы Азакәан абизнес акыр иаԥырхагахеит. Анаплакыҩцәа жәпаҩык русура ааныркылеит. 2017 шықәса рзы ахәаахәҭра абри агха иахҟьаны 30% рҟынӡа илаҟәит. Азакәан иахьа ишыҟоу ала ианынха абизнес аҿиара аиуам", — иҳәеит иара.

Апарламент адепутат Омар Џьынџьал агәра игоит азакәан анаплакыҩцәа реиԥш атәыла ауааԥсыра рызгьы хра аманы ишыҟам.

"30% ахәаахәҭра лаҟәит ҳәа ирҳәаз ирԥшӡоу акакәны иҟазар ҟалап. Ибжьаратә хыԥхьаӡароуп. Усхкқәак рҟны ари ахыԥхьаӡара иҵегьы еиҳауп. Ишырҳәо ала иҟоуп анаплакыҩцәа НДС зынӡа изымшәо", — иҳәеит иара.

"Ахәыԥсацҵазы ашәахтә" Азакәан Апарламент аҟны ирыдкылан 2015 шықәса абҵара 25 рзы, атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба Азакәан инапы аҵеиҩит абҵара 30 рзы. Азакәан амчра аиуит 2016 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны.

Ажәабжьқәа зегьы
0