Аԥсны ауаажәларратәи аполитикатәи рхеилак ргәы иҭоу рҳәеит

© Sputnik Бадрак АвидзбаПресс-конференция оппозиции
Пресс-конференция оппозиции - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аполитикатәи ауаажәларратәи партиақәа реидгыла аҩашаҽны апресс-конференциа мҩаԥыргеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аполитикатәи ауаажәларратәи партиақәа реидгыла агәҭакқәа рзы аҳәамҭа ҟанаҵеит Аԥсны Ахада ԥхьатәара ицара ишадгыло иҳәеит афонд "Аԥра" ахантәаҩы Аслан Бжьаниа апресс-конференциаҿы.

Ажьырныҳәа 3 — 5 рзтәи ахҭысқәа ауаажәларратәи аполитикатәи партиақәа аҽазныкгьы иддырбеит рҽеидыркылар шакәу иҳәеит иара.

"Ауаажәларратәи аполитикатәи партиақәа реидгыла аԥҵара хықәкны иамоуп атәыла Ахада заанаҵы инапынҵақәа рышьҭаҵара алзыршо аҭагылазаашьа аԥҵара", — иҳәеит Бжьаниа.

Заседание парламента по вопросу помилования Георгия Лукава - Sputnik Аҧсны
Лукава изҵаарала Жәлар реизара адепутацәа еилацәажәон быжьсааҭк инарзынаԥшуа

Убри аан иара иазгәеиҭеит асеиԥш адҵа аоппозициа уаанӡагьы ишыҟанаҵақәахьаз, атәыла анапхгара русура хра амам ҳәа ишьаны.

"Ҳара иаҳус хаданы иҟоу ԥхьаҟа ҳшынхаша ҳуааԥсыра деилыркаароуп. Ҳажәлар ҵаауеит: ԥхьаҟа мҩасы иҟоузеи ҳәа?" — иҳәеит аиҿкаара "Ҳара ҳаҩны — Аԥсны" ахада Рауль Лолуа.

Атәыла Ахада иԥхьатәара иара уахь даннеиуаз ажәлар зыгәра диргоз акгьы ахьыҟаимҵазгьы иадҳәалоуп иҳәеит иара.

"Иахьазы атәылауаа атәыла Ахадеи Аминистрцәа реилазаареи рахь гәрагара рыман иҟам. Ҳара еилаҳкаауеит аоппозициаагьы рацәак ҳагәра шырымго. Уи алҳаршарц ҳҽеидаҳкылоит", — иҳәеит Рауль Лолуа.

Апартиа "Иаку Аԥсны" ахантәаҩы Сергеи Шамба иазгәеиҭеит реиҿкаара атәылаҿ иҟоу аҭагылазаашьа уадаҩ инамаданы аидгыла ҿыц иалаларц шырыӡбаз.

Ауаажәларратәи аполитикатәи партиақәа реидгыла иалахәхеит: апартиақәа "Амцахара", "Иаку Аԥсны", афонд "Аԥра", ауаажәларратә еиҿкаарақәа "Кьаразаа", "Абзанхара", "Ҳара ҳаҩны – Аԥсны", аветеранцәеи аҿари реидгыла "Аԥсны".

Аԥсны аполитикатәи ауаажәларратәи партиақәа реидгыла агәҭакқәа рзы аҳәамҭа ҟанаҵеит

Ажәабжьқәа зегьы
0