Рауль Ҳаџьымба Рамзан Кадыров имшира идиныҳәалеит

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРауль Ҳаџьымба Рамзан Кадыров имшира идиныҳәалеит
Рауль Ҳаџьымба Рамзан Кадыров имшира идиныҳәалеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Чечентәыла Ареспублика ахада Рамзан Кадыров имшира идиныҳәалеит.

АҞӘА, 16 жьҭ — Спутник Аԥсны. Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:

«Ҳара ҳажәларқәа реиҩызареи реиашьареи рыла ҭоурыхла еизааигәоуп. Ҳара шәнапхгарала Чечентәыла имҩаԥысуа аус дуқәа рҿы ишәымоу ақәҿиарақәа ҳреигәырӷьоит. Машәырны иҟамлаӡеит шәара Чечентәыла Ареспублика аҩныҵҟа мацара  акәымкәа, уи анҭыҵгьы аҳаҭыр ду ахьшәықәырҵо.

Гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, анасыԥ, аманшәалара, ақәҿиарақәа Чечентәылатәи Ареспублика иқәынхо ауааԥсыра зегьы рзы.

Ҳаҭырла, Аԥсны Ахада, Рауль Ҳаџьымба».

Ажәабжьқәа зегьы
0