Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи рҳәаа аркхоит нанҳәа 7-8 рзы

© AFP 2023 / MIKHAIL MORDASOVАахыҵ Уаԥстәыла. Архивтә фото.
Аахыҵ Уаԥстәыла. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аахыҵ Уаԥстәыла ргәы иҭоуп 2008 шықәсазтәи аибашьра алагара арыцхә азгәарҭарц. Ареспублика аҳҭнықалақь Цхьынвал имҩаԥысраны иҟоуп алахьеиқәҵаратә усмҩаԥгатәқәа.

АҞӘА, нанҳәа 6 — Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи рҳәынҭқарратә ҳәаа аиасырҭатә ҭыԥқәа адыркуеит нанҳәа 7-8 рзы ҳәа аанацҳауеит Аахыҵ Уаԥстәыла Ашәарҭадаратә маҵзура апресс-маҵзура.

Нанҳәа 7-8 рзы, Аахыҵ Уаԥстәыла ргәы иҭоуп 2008 шықәсазтәи аибашьра алагара арыцхә азгәарҭарц. Ареспублика аҳҭнықалақь Цхьынвал имҩаԥысраны иҟоуп алахьеиқәҵаратә усмҩаԥгатәқәа.

"2008 шықәсазтәи аибашьра алагара арыцхә азгәаҭараан алахьеиқәҵаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуанаҵы, ашәарҭадара арежим еиҳа арӷәӷәахара инадҳәаланы, нанҳәа 7-8 рзы аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысырҭатә ҭыԥқәа аркхоит", — рҳәеит апресс-маҵзураҟны. Атәылауаа еснагь еиԥш аҳәаа рахыжьра хацыркхоит нанҳәа 9 рзы.

Ауаажәларратә еиҿкаареи ашәарҭадареи алахьеиқәҵаратә усмҩаԥгатәқәа раан еиҿыркаауеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа ҩышәҩык инарзынаԥшуа ҳәа иаалыцҳауеит Ахсара Лавоева. Ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рыҟны анџьныр-сапиортә усурақәа мҩаԥыргоит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ОМОН аусзуҩцәа. Иара убри адагьы нанҳәа 7 рзы Аахыҵ Уаԥстәыла аҳҭнықалақь аҟны автомобилтә еимадара аанкылахоит.

МИД РА - Sputnik Аҧсны
Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны Аҳәамҭа ҟарҵеит

Қырҭтәыла арратә мчрақәа 2008 шықәса нанҳәа 7, 8 рзы ашьақәгылақәа "Град" рхарархәарала Аахыҵ Уаԥстәыла иалахысуан, ареспублика аҵакырадгьыл рымпыҵахало иара аҳҭнықалақь Цхьынвал амца ахрыжьит. Уи аҭакс, Урыстәыла Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра хьчо ар ареспублика иаларгалеит. Хәымш инарзынаԥшуа ицоз аиҿагылара ашьҭахь ақырҭуа ар арегион иахцан.

1993 шықәса раахыс Қырҭтәыла аиурисдикциа здызымкылоз Аԥсынгьы ақырҭуа ар ирымпыҵакны иркыз Кәыдрытәи аиҩхаа иҭырцеит.

2008 шықәса нанҳәа 26 рзы Урыстәыла иазханаҵеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра. Урыстәыла анапхгара иазгәарҭеит арҭ ареспубликақәа разхаҵара ҳаамҭазтәи ареалиақәа ишрықәшәо, азҵаара иҭахәаԥшрагьы шзыҟамло.

Ажәабжьқәа зегьы
0