Амра Начҟьебиаԥҳа Ельбрус ахыцәқәа ихалаз раԥхьатәи аԥсыуа ԥҳәызбоуп

© Фото : Амра НачкебиаВосхождение на Эльбрус
Восхождение на Эльбрус - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ВГИК арежиссиортә факультет аушьҭымҭа Амра Начҟьебиаԥҳа Кавкази Европеи рҟны зегь реиҳа зыҩаӡара ҳараку ашьха Ельбрус ахыцәқәахь ихалаз раԥхьатәи аԥсыуа ԥҳәызбоуп.

АҞӘА, нанҳәа 13 — Sputnik, Алина Жьиԥҳа. Аԥснытәи арежиссиор қәыԥш Амра Начҟьебиаԥҳа Сириеи, Иорданиеи, Ҭырқәтәылеи, Урыстәылеи рҟны инхо адыгаа ргәыԥ дрыцны Кавкази Европеи иреиҳау ашьха Ельбрус ихалаз раԥхьатәи аԥсыуа ԥҳәызбоуп.

Аекспедициа еиҿкаан адунеи атәылақәа ирықәынхо адыга диаспора реидкыларазы апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, еиуеиԥшым атәылақәа рҟны инхо адыгаа реинырразы. Апроект аус ауеижьҭеи хы-шықәса ҵуеит. Амра Начҟьебиаԥҳа Sputnik ишазаалыцҳаз ала, агәыԥ амҩаԥгаҩ Казбек Шибзухов ари ашьхахалара азикит аҟабарда милаҭ еиуоу, аинрал-леитинант, Аԥсны Афырхаҵа Сулҭан Сосналиев (1942-2008 шш.) игәалашәара лаша.

"Агәыԥ нанҳәа аказы ҳаизаны амҩа ҳақәлеит, мчыбжьык ашьҭахь ашьхарантә ҳалбааит. Нальчик амза 8 рзы ҳаҟан. Уаанӡа ҳамҩаԥгаҩ аӡӷабцәа агәыԥ иалеимҵацызт. Нас иара исеиҳәеит сара сгара дзақәшаҳаҭхаз ашьхахалара Сулҭан Сосналиев, Апсны аибашьра зыхәҭа ду алоу, игәалашәара иахьазкыз шакәу", — еиҭалхәон Амра.

Аекспедициа алахәылацәа мчыбжьык аҩныҵҟа аҭагылазаашьа рҽадыршьцылон, аҽазыҟаҵаратә халарақәа хынтәны имҩаԥыргеит.

"Раԥхьатәи аҽазыҟаҵаратә мшы азы 25 километр ҳахысит. Аӡхыҽҽа "Аҭыԥҳа лыхцәԥарақәа" аҟынӡа ҳнеихьаны акырцх ҳахьӡеит. Зегь ҳаимгәабааӡа ҳхынҳәит. Аҩбатәи амш азы Чегетҟа ҳхалеит, 4 200 метра рҟынӡа аҳаракыра ҳазнеиит. Уантәи ахьшьцәа рыбахә аҟынӡа ҳнаӡеит. Аҵыхәтәантәи амш Ельбрус ахаҭа ампыҵахалара ҳҽазаҳкит" — еиҭалҳәон Амра, аҵыхәтәан иагьацылҵеит ашьхахыцәқәаҟны днаӡарц метрақәак анлыгыз лымчқәа зынӡа ишкаԥсаз.

"Ашьха ацәқәа аҟынӡа шәкҟа метра бжьазар ҟаларын ахалара сылымшо аҟынӡа саннеиз. Салих Коблев дсыцхрааит ари амҩа ахысраҿы. Абарҭ аҵыхәтәантәи ашәшьаҿак сара сзы зегь раасҭа иуадаҩын, аха иара убри аан зегь раҵкысгьы рҵакы дуун. Сара еилыскааит: иарбанызаалак аҩаӡара ахалара акәӡам аҵакы змоу ушәарақәеи ухы аиааиреи роуп зҵакы дуу. Сара сшәон аӡӷаб дахьыргаз иахьхәыр ҳәа, уи азы ԥхьаҟа ацаразы амчқәа сыԥшаауан".

Амра еиҭалҳәеит аекспидициаан ирацәаны афотои авидеои материалқәа шазлырхиаз. Лыхгьы дшақәгәырӷьо апатреҭҭыхга лара ахьлакәу иаҵаз.

"Сара бзиа избоит сусураҿы схы иасырхәо зегьы ахьӡ ҷыдақәа рыҭара. Ари апатреҭҭыхга, Ельбрус ақәцәаҿы инеиз, 2011 шықәса раахыс Сасрыҟәа ҳәа хьыӡшьарас иаҭаны исыман. Сара 1уащхьэмахуэ (аҟаб. Ҟәашьхамахәа — Эльбрус) снанагеит машәырны ҳәа сгәы иаанагон, аха мап. Аԥсҭазаараҟны акгьы машәырны иҟалаӡом".

Амра Начҟьабиаԥҳа ВГИК арежиссиортә факультет доушьҭымҭоуп (Алексеи Учитель иҟазарҭа), Аԥсны иазку, зметраж кьаҿу афильмқәа жәба дравторуп.

© Фото : Амра НачкебиаАмра Начкебиа в составе экспедиции на вершине Эльбруса
Амра Начкебиа в составе экспедиции на вершине Эльбруса - Sputnik Аҧсны
Амра Начкебиа в составе экспедиции на вершине Эльбруса

 

Ажәабжьқәа зегьы
0