Рауль Ҳаџьымба Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз ауаԥсаа аҳамҭақәа риҭеит

© SputnikХаджимба в Северной Осетии
Хаджимба в Северной Осетии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нхыҵ Уаԥстәыла иҟазаара иалагӡаны Рауль Ҳаџьымба аҳамҭақәа риҭеит 1992-1993 шш. рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз ауаԥс еибашьцәа.

АҞӘА, цәыббра 22 — Sputnik. Нхыҵ Уаԥстәыла иаҭаан иҟан Рауль Ҳаџьымба хадас дызмаз Аԥснытәи аделегациа. Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны урҭ аҭааит Нхыҵ Уаԥстәыла Амилаҭтә музеи, ирбеит Уаԥстәыла аҭоурых иазку аекспозициа. Иара убасгьы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит 1992 шықәса рзы аҭыԥ змаз аиҿагылараан иҭахаз анышә иахьамадоу Ахьӡ-аԥша Амемориал аҟны ҳәа аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла.

Президент Республики Южная Осетия Леонид Тибилов (слева) и президент Абхазии Рауль Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Леонид Тибилов: Аԥсны ҳавагыламзар иаҳхаагаз зегьы ахгара уадаҩхон

Уи ашьҭахь, атәыла анапхгара рыҩнаҟны имҩаԥысит Нхыҵ Уаԥстәыла Апрезидент Тамерлан Агузарови Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи реиԥылара. Аиԥылараҟны ирылацәажәан аекономикеи акультуреи рызҵаарақәа.

Убри ашьҭахь Рауль Ҳаџьымба аҳамҭақәа риҭеит 1992-1993 шш. рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра хатәгәаԥхарала иалахәыз ауаԥс еибашьцәа.

Иналукааша ихаҵаразы Леон иорден ианашьан аԥшыхәратә отриад акомандаҟаҵаҩ Алан Дауев.

Жәҩык аибашьцәа иранашьан "Агәымшәараз" амедалқәа. Ҩыџьа – Руслан Доеви Роберт Джусоеви ианҭаха ашьҭахь иранашьахеит аиҳабыратә ҳамҭақәа.

"Аԥсны азы зыԥсҭазаара иамеигӡаз, аԥсуа жәлар зхы рықәызҵаз иахьа инхо ауааи еиҵагыло аҿари ргәалашәараҟны наӡаӡа иаанхароуп. Урҭ рыхьыӡқәа абиԥарақәа еимырдалароуп. Абра еизаз зегьы ижәдыруазар сҭахуп – Аԥсны шәара бзиа шәшырбо, ишышәзыԥшу", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Рауль Ҳаџьымба инаҵшьны иазгәеиҭеит Уаԥстәыла Аахыҵтәии Нхыҵтәии ҳәа еидыхны ишимшьо. Иҳәеит ауаԥсааи аԥсуааи реиԥшрақәа шырацәоу. Арахь ишаҵанакуа ҳмилаҭқәа рҭоурыхтәии ркультуратәии еимадарақәа иара убасгьы ԥхьаҟатәи ҳаҿиара, ҳԥеиԥш.

"Ҳара аибашьра мҩа ҳаицанысит. Еизааигәаӡоу жәларуп шәаргьы ҳаргьы. Ҳҭоурых, ҳкультура, ҳқьабызқәа иаку ашьаҭақәа рымоуп. Нарҭаагьы еицаҳзеиԥшуп. Абарҭқәа зегьы ҳара пату ақәҵаны еиқәҳархароуп, ԥхьаҟагьы аҿиара раҳҭароуп. Иахьа ҳара аизҳара ҳаҿуп, аԥҵара ҳаҿуп аекономика аҿиара. Ҳара шәара еснагь ҳашәзыԥшуп ешьак, сасык иаҳасабала", — ҳәа азгәеиҭеит иара.

Тамерлан Агузаров иакәзар Рауль Ҳаџьымба ҭабуп ҳәа иеиҳәеит ауаԥс еибашьцәа рганахьала иааирԥшыз агәалашәареи аҳаҭыри рзы.

"Аԥсны ацхыраара аҭахны ианыҟаз ҳашьцәа, ҳҿар рхы иамеигӡакәа уи ацхырааразы уахь рхы дырхеит. Жәҩахкыла ишәыдгылеит. Сара агәахәара снаҭоит Аԥсны Ахада ашьаарҵәыратә еибашьраҟны, Аԥсны ахақәиҭразы иҭахаз ргәалашәара аҵак ду ахьеиҭо. Ҭабуп ҳәа иасҳәоит убри азы".

Аҳамҭа занаршьаз Алан Дауев иеиҭеиҳәеит Аԥсны ицоз аибашьраан ауаԥс еибашьцәа ралахәра гәыла-ԥсылатәи гәаҳәараны ишыҟаз.

"Ари аҳамҭа сара сымацара истәӡам – ари ауаԥсжәлар зегьы ирҳамҭоуп. Аԥсны лассы-лассы ажурналистцәа ҳазҵаауан "шәара ара иҟашәҵозеи?" ҳәа. Ҳара иаҳҳәон ҳагәқәа шракәыз уахь ҳназгаз. Иахьа ҳаигәырӷьоит, ҳалаҽхәоит адунеи ахсаалаҟны иахьыҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра, Аахыҵ Уаԥстәыла. Ҳара ҳџьабаагьы абраҟа иҟоуп".

Уаанӡа, аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны (цәыббра 19-20), Рауль Ҳаџьымба даҭаан дыҟан Аахыҵ Уаԥстәыла, атәыла Апрезидент Леонид Тибилови иареи аиԥылара рыман, Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны

Ацҳаражәҳәарҭа даҭаан ибеит, далахәын арратә парад, иара убасгьы – аныҳәатә концерт. Аконцерт иалахәын Аԥсны аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Шьараҭын".

© Sputnik ДЗЕРАССА БИАЗАРТИРауль Хаджимба наградил добровольцев, воевавших за Абхазию
Рауль Хаджимба наградил добровольцев, воевавших за Абхазию - Sputnik Аҧсны
Рауль Хаджимба наградил добровольцев, воевавших за Абхазию

 

Ажәабжьқәа зегьы
0