Нинель Бжьаниаԥҳа: амузыкатә ҵараиурҭа альма-матер ҳәа иаҳшьоит

© Фото : предоставлено Нинель БжанияБжьаниаԥҳа: амузыкатә ҵараиурҭа альма-матер ҳәа иаҳшьоит
Бжьаниаԥҳа: амузыкатә ҵараиурҭа альма-матер ҳәа иаҳшьоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алықьса Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә амузыкатә ҵараиурҭа 85 шықәса ахыҵит.

Саид Барганџьиа. Sputnik

Амузыкатә ҵараиурҭа аҭоурых аҟнытә

1930 шықәса рзы акомпозитор, апианист, Аԥснытәи ССР аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Константин Ковач ажәалагала ҟаиҵеит ареспубликаҟны амузыкатә ҵараиурҭа аԥҵазарц. Константин Ковач иаԥшьгара дахаҵгылеит Нестор Лакоба. 1930 шықәса цәыббра 15 рзы аҵараиурҭа аартразы Аусдҵа анапы аҵаҩын.

Иахьа Алықьса Чычба ихьӡ зху амузыкатә ҵараиурҭа напхгара алҭоит Нинель Бжьаниаԥҳа.

Лара иаҳзеиҭалҳәеит аҵараиурҭа ахҭыс рацәа зықәҭылаку аҭоурых ду аманы иҟоуп ҳәа.

"Аҵараиурҭа аҭоурых еиҿыркаауеит Аԥсны ахьӡ ҭызго аушьҭымҭацәа. урҭ рыгәҭа иҟоуп адунеи зыхьӡ ахыҵәахьо Хьыбла Гьерзмааԥҳа, Алиса Гыцԥҳа, Нодар Ҷанба уҳәа ирацәаҩны".

Нинель Бжьаниаԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит аҵараиурҭа аныхдырты ашьҭахь ԥшьышықәса ааҵуаны оумашәа иубартә еиԥш иҟаз апрограмма шынарыгӡоз.

"Арҵаҩцәа рҟазара аҩаӡара акыр иҳаракын. Усҟантәи аамҭазы арахь иаауан Милантәи аконсерваториа, Петербургтәи, Москватәи аконсерваториақәа рҟынтәи Сергеи Касторски, Иван Сероежин, аиҳәшьцәа Бубноваа реиԥш иҟаз аҟазацәа".

Бжьаниаԥҳа лажәақәа рыла амузыкатә ҵараиурҭа ашьаҭала еиҿкаан афортепиано акласс, аскрипка акласс иара убасгьы иаԥҵан асимфониатә оркестр, аетнографиатә хор, арахәыцтә квартет.

"Амузыкатә ҵараиурҭа ҳаклассикатә ҟазара альма-матерны иазыҟоуп".

Нинель Бжьаниаԥҳа иеиҭалҳәоит аҵараиурҭа ишадҳәалоу Лев Џьергьениа, Ардашьыл Аҩӡба, Борис Амҷба, Лиудмила Логәуаԥҳа, Жозефина Бумбуриди рыхьӡқәа.

Аҵараиурҭа аҭоурых аҟны аҭыԥ рыман иуадаҩыз аамҭақәагьы.

"Ҳәарада 85 шықәса рыҩныҵҟа иҟан еиуеиԥшымыз аамҭақәа: 1937 шықәса рзы арантәи дықәҵыр акәхеит Константин Ковач. Иҭакын урҭ ашықәсқәа рзы аетнографиатә хор анапхгаҩцәа".

Аҵараиурҭа анаԥырҵа ашьҭахь 11 шықәса ааҵуаны иалагеит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду. Ҳәарада уи аҵараиурҭа ианымԥшыр залшомызт.

Фестиваль Хибла Герзмава приглашает... - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи артистцәа Шәачатәи амузыкатә фестиваль рхы аладырхәуеит

"Ус шакәызгьы аҵараиурҭа аус ауан, аконцертқәа мҩаԥыргон".

Нинель лажәақәа рыла иреиҳаз ааха аҵараиурҭа иаиуит 1992-1993шш. рзтәи аибашьраан.

"Уаанӡа асимфониатә оркестр ҳамазҭгьы – иаҳцәыӡит. Уаанӡа иҳамазҭгьы еиуеиԥшым аҟәшақәа – аибашьра ашьҭахь зегь ҿыцны ихацырктәхеит".

Аибашьра иахҟьаны абиԥарақәа реимадара аанкылахеит. Ҳара иҳалшо ҟаҳҵоит аҟазара злоу аҿар арахь иааиларц.

Иахьа Аҟәатәи аҵараиурҭаҟны аҵара рҵоит арахәыцинструмент арҳәаҩцәа.

"Агәыӷра ҳамоуп урҭ ԥхьаҟа ҳҵараиурҭаҟны иахәҭоу рҭыԥ ааныркылап ҳәа".

Иахьазы аҵараиурҭаҟны аҟәшақәа зегьы реиҭашьақәыргылара алыршоуп.

"Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит арккаратә усура амҩаԥгаразы, араионқәа рҟынтәи амузыкатә школқәа ааҳаԥхьоит, урҭ ҳара ҳапроектқәа гәахәарыла рыҽрыладырхәуеит. Ҳапроектқәа еиҳарак изызку аҿар амузыка радыԥхьалароуп".

Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭаҟны аҵара рҵоит 170-ҩык рҟынӡа аҵаҩцәа.

"Арҭ иреиӷьӡақәоу роуп. Дара ирылшо зегь ҟарҵоит рҟазара аизырҳаразы".

85 шықәса рыҩныҵҟа аҵараиурҭа напхгара арҭон иреиӷьӡақәаз.

Гагратәи аҟазаратә школ - Sputnik Аҧсны
Хьыбла Гьерзмаа Гагратәи аҟазаратә школ миллионки бжаки мааҭ алҭеит

"Раԥхьа иргыланы Константин Ковач. Иара илиршеит арахь адгылара изҭоз ауаа рааԥхьара. Аамҭақәа шыцәгьазгьы аиҳабыра рыдгылон. Ихьӡ умҳәар ауам Шьалуа Горгаӡе. Уи ҩеижәихәбашықәса инарзынаԥшуа аҵараиурҭа дахагылан. Иара илшаралоуп акомпозитортә, анагӡаратә, авокалтә, афортепианатә школқәа шаԥҵахаз. Илагала дууп аҵараиурҭа зыхьӡ аху Алықьса Чычба. Иара иаамҭақәа рзоуп ара аинтернат анеиҿкааз. Араион аҟны иреиӷьӡаз ахәыҷқәа арахь иааганы аҵара иҭарҵон".

Ақырҭуа-аԥсуа еибашьра ашьҭахь аҵараиурҭа дахагылеит Иван Шамба.

"Иара илиршеит излауаз ала иҟаз аиқәырхареи аиҵаҳареи", — ҳәа азгәалҭеит Нинель Бжьаниаԥҳа.

Аҩбатәи аҩны

1983 шықәса рзы арахь дааит иахьа Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Џьансыхә Чамагәуа.

"Амузыкатә ҵараиурҭа – ари ҳара ҳзеиԥш ҩн-ду ауп. Аҳәынҭқарра иахаҿуп. Сара исҭахуп ҳкультура аизҳазыӷьара аиуларц. Исҭахуп ҳҵараиурҭаҟны аҟәшақәа зегьы аус руларц – ашәаҳәаҩцәа, апианистцәа, адирижиорцәа рацәаҩхарц", — иҳәеит Чамагәуа.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит аҵараиурҭа аремонт аҭахны ишыҟоу.

"Зегь аилабгара иаҿуп. Ҳамацара аиҭашьақәыргылара ҳалшарым".

Москватәи аконсерваториа даналга ашьҭахь Џьансыхә Чамагәуа Владислав Арӡынба иҳәарала Аԥсныҟа дхынҳәит. Аҵараиурҭаҟны рҵаҩыс аусура далагеит. Иара ицхыраарала иаартхеит аестрадатә шәаҳәара аҟәша.

"Сара 17 шықәса ҵуеит ара аус зуеижьҭеи. Ирацәаҩуп сыстудентцәа Москва, Санкт-Петербург амузыкатә ҵараиурҭақәа ирҭоу".

Џьансыхә гәахәарыла игәалаиршәоит истуденттә аамҭақәа.

"550-ҩык астудентцәа ҳаҟан. Аамҭа ҳаманы ҳәа иҟамызт. Ахор бзиа еиҿкааны иҳаман, аоркестрқәа хԥа ыҟан. Агастрольқәа мҩаԥаагон. Иахьа урҭқәа шыҟамгьы Нинель Бжьаниаԥҳа илылшо ҟалҵоит аҵараиурҭа аԥсҭазаара иаша аиурц азы".

2005 шықәса рзы аҵараиурҭа далгеит жәларбжьаратәи аԥхьахәқәа занашьахахьоу Ҭемыр Ҭаниа. Уи иахьа араҟа аус иуеит. Ахәыҷқәа ашәаҳәашьа дирҵоит.

"Сыԥсҭазаара зегьы аҵараиурҭа иадҳәалоуп. Ҳарҵаҩцәа бзиаӡоуп. Сара аҵара анысҵоз 42-ҩык ҳаҟан. Зегьы иаҳгәарԥханы акәын арахь ҳшааиуаз", — ҳәа игәалаиршәоит Ҭаниа.

Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа иҭоуп 170-ҩык астудентцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0