Белгород иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны 11-ҩык ҭахеит

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБелгород иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны 11-ҩык ҭахеит
Белгород иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны 11-ҩык ҭахеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахыҵхырҭа ишаанацҳауа ала, амҩатәмашәыр иақәшәеит амикроавтобус Mercedesи, аидарамҩангага машьына ду КамАЗи. Амикроавтобус имҩахҟьаны иаауаз автомашьынақәа ирҿалеит. Адырра злаҟоу ала, Mercedes Урыстәылантә Луганскҟа амҩа иқәын.

АҞӘА, ԥер 4 – Sputnik. Жәеизаҩык ауааԥсыра ҭахеит, хәҩык ахәрақәа роуит Белгород амикроавтобус Mercedesи аидарамҩангага машьына ду КамАЗи рааихара иахҟьаны. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости аҩнуҵатәи аусқәа русбарҭа аҟынтә ироуз адыррала.

Ахыҵхырҭа ишаанацҳауа ала, амҩатә машәыр ҟалеит амҩаду Р-185 13-тәи акилометр аҟны.

Иҟоу адыррақәа рыла,  Mercedes иақәтәаз апассаџьырцәа Урыстәылантәи Луганскҟа ицон, иҭахаз зегьы Украина атәылауаа роуп.

КамАЗ арныҟәцаҩ ахәшәтәырҭахь дыргеит. Амҩатә мшәыр иахҟьаны аахақәа зоуз ақалақь Алексеевка ахәшәтәырҭа ишьҭарҵеит.

Амҩатә машәыр зыхҟьаз амзызқәа аҭҵаара аусқәа мҩаԥысуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0