Анефт-аҵхратә станциаҟны иҟалаз амашәыр фҩык Сербиа атәылауаа алаблит

© Sputnik / Владимир Вяткин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНефтеперегонная станция. Архивное фото
Нефтеперегонная станция. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
234-ҩык аусзуцәа рхала абылра аҭыԥ алҵра рылшеит, фҩык аусзуҩцәа, Сербиа атәылауаа, алаблит.

АҞӘА, жәб 9 – Sputnik. Иамалтәи анефт-аҵхратә станциаҟны иҟалаз абылра иалаблыз рхыԥхьаӡара фҩык рҟынӡа инаӡоит, урҭ Сербиа атәылауаа роуп, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Уаанӡа адырра злаҟаз ала, абылра ахьыҟалаз аҭыԥ ҩ-еихагылак змоу амҿытә ргылара анхарҭатә комплекс 300 метра аҵанакуеит. 234-ҩык аусзуцәа рхала абылра аҭыԥ алҵра рылшеит. Фҩык аусзуҩцәа, Сербиа атәылауаа алаблит. Амца 840 метра амҽханакхьан иандырцәоз. Аха ианақәырк, лассы идырцәеит.

"Амца фҩык аусзуҩцәа алаблит. Урҭ Сербиа атәылауаа роуп", – иаагоуп аацҳамҭаҟны.

Уажәы агәаҭарақәа мҩаԥысуеит, уи ашьҭахь еилкаахоит  абылра зыхҟьаз, анаҩс ашьаус хацыркхоит.

Астанциа аҟнытә ишаарыцҳаз ала, иблыз аиланхарҭаҿы 230-ҩык атәымтәылауаа нхон, урҭ рахьтә Болгариа, Сербиа, Белоруссиа, Украина атәылауаа.

Ажәабжьқәа зегьы
0