Борис Немцов Москва иеихсны дыршьит

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБорис Немцов. Архивтә фото
Борис Немцов. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәаша ауха 23:40 инарзынаԥшуа Москва ақалақь агәҭаны зхаҭара шьақәыргылам ацәгьоуцәа Москворецктәи ацҳа ду аҟны аԥҳәызба илыцны инеиуаз Борис Немцов иеихсит, ԥшь-хык Немцов ибӷа иақәшәаеит, уи иахьҟьангьы аполитик иԥсҭазаара далҵит.

АҞӘА, жәб 28 – Sputnik. Еицырдыруа аурыс оппозиционер Борис Немцов 1990-тәи ашықәсқәа рзы Урыстәыла аԥыза-минстр актәи ихаҭыԥуаҩс иҟаз ахәаша ауха иеихсны дыршьит зхаҭара шьақәыргылам ацәгьоуцәа. Аусҭҵаара аверсиақәа зегьы ирыхәаԥшуеит, урҭ рахьтә дҵала иҟаҵоу ауаҩшьрагьы. Иҭахаз иҭаацәа ирыдышшылоит Урыстәылеи адунеи егьырҭ атәылақәеи рҟынтәи аполитикцәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Арыцҳара ҟалеит ахәаша ауха 23:40 инарзынаԥшуа Москва ақалақь агәҭаны. Зхаҭара шьақәыргылам ацәгьоуцәа Москворецктәи ацҳа ду аҟны аԥҳәызба илыцны инеиуаз Борис Немцов иеихсит, ԥшь-хык Немцов ибӷа иақәшәаеит, уи иахьҟьангьы аполитик иԥсҭазаара далҵит.

Ауаҩшьра зыхҟьаз аверсиақәа Урыстәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы макьана ирҳәаӡом ацәгьоура иадҳәалоу зегьы, аха уи шыҟалаз збаз рҿахәы рҿыхра иалагахьеит, Немцов иҭархараан ицыз аԥҳәызбагьы дналаҵаны. Аусҭҵааратә комитет излаанацҳауа ала, аверсиақәа зегьы ирыхәаԥшуеит, урҭ рахьтә дҵала иҟаҵоу ауаҩшьрагьы.

Ақалақь аҿы ацәгьоуцәа раанкыларазы аплан рылаҳәоуп. Борис Немцов иҭархара иаразнак ақәҿырҭит Урыстәыла ахадара рыдагьы, егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟынтәгьы. Урыстәыла ахада Владимир Путин иҭахаз иҭаацәа дрыдышшылеит, амчратә усбарҭақәагьы адҵа риҭеит аусҭҵааратә гәыԥ еиҿыркаарц Борис Немцов иҭархара шыҟалаз аилкааразы, Владимир Путин ихаҭа дахылаԥшлоит аоппозициатә усзуаҩ иҭархара иазку аусҭҵаара.

"Путин иазгәеиҭеит гыгшәыгла Немцов иҭархара аӡә идҵала иҟаҵоуп ҳәа агәаанагара шимоу, насгьы апровокациатә ҟазшьа шамоу", —иҳәеит Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков.

Урыстәыла аԥыза-министр Дмитри Медведев ашәарҭадаратә усбарҭақәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит ирылшо зегь ҟарҵарц Борис Немцов дҭазырхаз рахьырхәразы.

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБорис Немцов убит в центре Москвы
Борис Немцов убит в центре Москвы - Sputnik Аҧсны
Борис Немцов убит в центре Москвы
Ажәабжьқәа зегьы
0