Sputnik Аԥсны. Шықәсык онл@ин

Анапаҵаҩра
Шықәсык аусура иалагӡаны амультимедиатә маҵзура Sputnik Аԥсны ҳтәыла аинформациатә хышәа-ҵышәараҿы аԥхьагылара алшеит. Уи иҭнажьуа аинформациа амҽхаки, ахкырацәареи рыла Аԥсны иаԥызго даҽа маҵзурак иахьазы иҟам.

Ԥхынҷкәын 8 рзы амультимедиатә информациатә маҵзура Sputnik Аԥсны шықәсык ахыҵит.

Sputnik (sputniknews.com) – жәабала атәылақәа рыҟны иҟоу ажәабжьтә маҵзура, амультимедиитә информациатә хабқәа зманы иҟоу арадио. Sputnik ахь иаҵанакуеит 30 рҟынӡа асаитқәа, аналогтәи ацифратәи радиодырраҭарақәа, амобилтә цҵақәеи асоциалтә ҳақәа рыҟны адаҟьақәеи. Ажәабжьқәа уахи-ҽни иҭыҵуеит англыз, араб, аиспан, акитаи бызшәақәа рыла.

Амультимедиатә информациатә хаб Sputnik Аԥсны аусура хацнаркит 2014 шықәса ԥхынҷкәын 8 рзы. Шықәсыктәи аусурала асаит аурыси аԥсуеи версиақәа рҟны икьыԥхьын быжьнызқьи бжаки рҟынӡа материал, ҩышә инареиҳаны аинтервиуқәеи аналитикатә материалқәеи, хәышә инареиҳаны авидеоматериалқәа. Атематикатә проектқәа "Аԥсны аԥсшьара", "Аиааира ду ҳзаазгаз", "Иҭыхым аибашьцәа", "Арепатриациа", "Аҟазацәа ртәыла", "Sputnik.Аԥхьарақәа", "Абызшәа. Аҿаҳәҳәага", "Жәлар рдоуҳа"  аԥхьаҩцәа даара зинтерес рыманы ирыдыркылаз проектқәоуп. Асоциалтә ҳақәа рыҟны асаит анапаҵаҩцәа рхыԥхьаӡара азҳара иаҿуп: Инстаграммаҟны – 4 000-ҩык; Вконтакте – 1 600-ҩык; Facebook- 6000-ҩык; Twitter — 300-ҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0